Аԥсны

Нанба: аԥсуа еилахәырақәа иаархәаз абылтәы Аԥсныҟа иаагахоит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Аԥсуа еилахәырақәа иаархәази аҳазалхратә шәҟәҭаҩра иахысызи абылтәы Аԥсныҟа иаагахоит. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Иахьа, урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтәи иҳауз адыррақәа рыла, Урыстәыла Афедерациа Аиҳабыра уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭа рыԥсахит", - иҳәеит Нанба.
Ԥхынҷкәын 16 2023 шықәсазы Урыстәыла аиҳабыра аилахәыра "Роснефть" амацара Урыстәылантә Аԥсныҟа анефҭ аалыҵқәа рекспорт азин ҟазҵо ақәҵара аднакылеит.
Нанба иҳәеит урыстәылатәи рколлегацәа аԥсуа ган агәра шыддыргаз, аилахәыра "Роснефть" амацара ҳтәылахь анефҭ аалыҵқәа рекспорт азин ҟазҵо рықәҵара, Аԥсны азы иҵоурам аҟазшьа шамоуа.
"Уажәтәи аамҭахҵәазы аилахәыра "Роснефть" аџьармыкьа алахәылацәа зегьы еицырзеиԥшу ажәалагалақәа рзыҟарҵоит ҳәа азгәаҭоуп, уаҟа зегьы рзы иманшәалоу аиқәшаҳаҭра рыдгалахоит", - иҳәеит аминистр.
Азҵаара алацәажәараан аԥсуа ган изныкымкәа официалла ирҳәахьан, ари аиқәшаҳаҭра аԥсуа хеилакқәа русуреи аҩнуҵҟатәи аџьармыкьеи ишаԥырхагоу ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
"Иахьатәи амш азы аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҟны иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра амоуп, абылтәы азы азымхара ҳәа акгьы ыҟаӡам. Абылтәыҭиирҭақәак аркәуп, русура ааныркылеит, аха иҟоуп аилахәыра "Роснефть" уаанӡагьы аус рыцызуаз. Дара ԥкрада шаҟа аҭахәу абылтәы аарҭиуеит", - иҳәеит Нанба.