АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Урыстәыла арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76, украинатәи атҟәацәа аԥсахразы изгоз Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра шьаҭас иҟаҵаны.
"Асааҭ 11:00 шыҟаз, украинатәи атҟәацәа аԥсахразы изгоз арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит. Аҳаирплан иҭан 65-ҩык УАМ аруаа рҟынтәи атҟәацәа, фҩык аекипаж алахәылацәа, хҩык атҟәацәа рымҩаԥгаҩцәа", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭа.
Аҭыԥ ахь иҟалаз аилкааразы амҩа иқәлеит Урыстәыла АҲКМ ркомиссиа.