Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи атҟәацәа зҭаз аҳаирплан каҳаит Белгородтәи аобласт аҿы

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения МЧС по предупреждению природных пожаров
Учения МЧС по предупреждению природных пожаров - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2024
Анапаҵаҩра
Белгородтәи аобласти Украинеи еиԥнуп. УАМ лассы-лассы ара иалахысуеит, адиверсиақәа рымҩаԥгара рҽазыршәоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Урыстәыла арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76, украинатәи атҟәацәа аԥсахразы изгоз Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра шьаҭас иҟаҵаны.

"Асааҭ 11:00 шыҟаз, украинатәи атҟәацәа аԥсахразы изгоз арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит. Аҳаирплан иҭан 65-ҩык УАМ аруаа рҟынтәи атҟәацәа, фҩык аекипаж алахәылацәа, хҩык атҟәацәа рымҩаԥгаҩцәа", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭа.

Аҭыԥ ахь иҟалаз аилкааразы амҩа иқәлеит Урыстәыла АҲКМ ркомиссиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0