Аԥсны

Аԥсны ахада абылтәы азҵаара аӡбразы Москваҟа амҩа дықәлоит

Ажьырныҳәа 24 рзы, аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аҟны аилатәара мҩаԥысит абылтәы азҵаараз.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Абылтәы азҵаара аӡбаразы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба дицны хара имгакәа Москваҟа амҩа дықәлараны дыҟоуп. Џьансыхә Нанба абри атәы реиҳәеит Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизаз ауаа.
"Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи сареи ҳаицны хара имгакәа Москваҟа амҩа ҳақәлоит. Абылтәи егьырҭ аҵакы зманы иҟоу аҳәынҭқарратә зҵаарақәеи ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп Урыстәыла ачынуаа рԥылараан", - ҳәа иҳәеит иара.
Нанба иазгәеиҭеит ари азҵаара аусбарҭабжьаратә еилацәажәарақәа рыла мацара ишузымыӡбо, Аԥсны амчрақәа иалшо ашьаҿақәа зегь шыҟарҵо аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы.
Уаанӡа, Џьансыхә Нанбеи аекономика аминистр Кристина Озгани, абылтәы еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи алархәны ари азҵаара иалацәажәахьан аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәараҿы. Адепутат Левон Галустиан иажәақәа рыла, аиԥылараҿы иазааҭгылан Урыстәыла Аҳәынҭдумахь ашәҟәы анашьҭреи Москваҟа аделегациа рышьҭреи. Џьансыхә Нанбеи, Кристина Озгани, абылтәы еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи ари азҵаара иалацәажәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараангьы.
Аԥсны
Аԥсны абылтәы азымхара иалацәажәеит апарламенттә еилакы аилатәараҟны
Ԥхынҷкәын 16 2023 шықәсазы Урыстәыла аиҳабыра аилахәыра "Роснефть" амацара Урыстәылантә Аԥсныҟа анефҭ аалыҵқәа рекспорт азин ҟазҵо ақәҵара аднакылеит. Абри ашьҭахь, ажьырныҳәа 1 аахыс Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа "Подорожники" "Роснефть-Абхазиеи" рҿы ада аусурақәа аангылеит. Аԥснытәи аилахәырақәа ирымаз абылтәы нҵәеит.
Ажьырныҳәа 23 рзы Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба иҳәеит урыстәылатәи аиҳабыра рықәҵара ҿыц шҭыҵыз, Аԥснытәи аилахәырақәа аҳазалхратә шәҟәҭаҩра иахысыз иаархәаз рбылтәы хара имгакәа Аԥсныҟа ишаагахо.