Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны абылтәы азымхара иалацәажәеит апарламенттә еилакы аилатәараҟны

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Парламента Абхазии
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны абылтәы азымхара азҵаараз аилацәажәара мҩаԥысит апарламеттә хеилак аҟны. Адепутат Левон Галустиан Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи, аекономика аминистр Кристина Озгани, абылтәы еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи алархәны имҩаԥысыз аиԥылара алҵшәақәа ртәы.

Ари аиԥылара раԥхьатәиӡам абиуџьети аекономикатә политикеи, ареформақәеи рзы апарламеттә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа. Иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥган раԥхьатәи аилацәажәара. Аиҳабыреи абылтә џьырмыкьа алахәылацәеи реиԥш апарламентгьы агәҭынчымра амоуп ари аҭагылазаашьа азы", - ҳәа иҳәеит иара.

Иазгәеиҭеит, раԥхьатәи аиԥылараҿ ишалацәажәахьаз ԥхынҷкәын 16 рзы Урыстәыла аиҳабыра иаднакылаз ақәҵара аԥсахра алагалара ргәы ишҭоу атәы.
Галустиан иажәақәа рыла, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба акомитеттә еилакы аилатәараҟны иҳәеит, Урыстәыла аиҳабыра ажьырныҳәа 22 рзы уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭа аԥсахрақәа шаларгалаз.
"Иахьамзар уаҵәы аҳәаа иахысып ҳәа ҳазыԥшуп аԥсуа еилахәырақәа уаанӡа иаҿарҵахьаз абылтәы зҭоу 34 мкьаҭ", - иҳәеит Галустиан.
Амкьаҭқәа раара ари азҵааразы ицәырҵыз ауадаҩрақәа рыхәҭак ауп иаӡбо иҳәеит иара.
Джансух Нанба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2024
Аԥсны
Нанба: аԥсуа еилахәырақәа иаархәаз абылтәы Аԥсныҟа иаагахоит
"Убри аҟнытә Апарламенти анагӡаратә усбарҭақәеи ари азҵаара шьаҭаныкыла аӡбразы ирылшо ҟарҵоит, наҟ-наҟ абылтәы азымхара азҵаара ықәымыларц. Шықәсқәак роуп иҵуа аиԥш зеиԥшу ауадаҩра анцәырҵыз, аиҳарак аԥхынтәи аамҭазы, усҟан ҳтәыла иаҭаауеит урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа, амашьынақәа рхыԥхьаӡара еизҳауеит", - иҳәеит Галустиан.
Иара убас, Жәлар Реизара адепутат иҳәеит аилак аилатәараҟны ишалацәажәоз Аԥсныҟа абылтәы аагаразы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбараз Аҳәынҭдумахь ашәҟәы рышьҭырц.
"Апарламентбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны зыҩаӡара ҳараку аусутә гәыԥ аԥҵоуп, дара Жәлар Реизараҟынтәи Аҳәынҭдумахь инарышьҭша ашәҟәы аҵакы иалацәажәоит, урыстәылатәи рколлегацәа иҟоу апроблема еилыркаарци азҵаара аӡбраҿы ацхыраара ҟарҵарци",- иҳәеит адепутат.
Анашьҭымҭа апроект еиқәыршәоуп, иахьатәи аамҭазы азыҳәа рыдкылареи Аҳәынҭдумахь анашьҭреи рызҵаара алацәажәара цоит.
"Ажәала акәӡам азыҳәа шынаҳашьҭуа, уахь аделегациа нашьҭхоит, дара аҭыԥаҟны ҳколлегацәеи дареи еиқәшәаны азҵаарақәа рыӡбоит", - иҳәеит Галустиан.
Ажәабжьқәа зегьы
0