Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

872 мшы – цәыббра 8, 1941 шықәса инаркны амацәаз иҭакыз Ленинград ахы иақәиҭтәын ажьырныҳәа 27, 1944 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ҳәа аанацҳауеит ҳтәылаҿы иҟоу Россотрудничесто ахаҭарнакра.
"Москва аҩны" аҟны идырбан, 1943 шықәсазы Ладожтәи аӡиаҟны иҟоу адгьылбжьаха Сухо агаразы иҭыху адокументалтә фильм "Ладого".
Афильм ддырбаанӡа, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа идлырбеит ихлымӡаахыз урҭ амшқәа ирызку лхатәы ахҭысҭыԥырба, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи 1992-1993 шықәсқәа раан Тҟәарчал аблокадеи аамҭақәа еидкыло дықәгылеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Елена Шамба.
Агәаларшәаратә амш иазкыз адокументалтә фильмқәа дырбара еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа.
Урыстәыла
Путин Ленинград аблокада уаҩы иимбац гәымбылџьбароуп ҳәа ахиҳәааит
80 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 27 1944 шықәсазы, астратегиатә ҵакы змаз Ленинградтәи-Новгородтәи ажәылара иалнаршеит 872 мшы амацәаз иҭакыз Ленинград ахақәиҭтәра.
Ииасыз ашықәс азы Санкт-Петербургтәи ақалақьтә ӡбарҭа Ленинград аблокада арратә цәгьоуроуп ҳәа азгәанаҭеит. Анацистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи Ленингради иара ауааԥсыреи ирырҭаз аԥхасҭа 35,3 триллион мааҭ инаӡоит ҳәа иашьеит апрокуратура.