https://sputnik-abkhazia.info/20240128/aa-imaysit-leningrad-akhaitra-80-shysa-akhyra-iazkyz-ausmagat--1049989537.html
Аҟәа имҩаԥысит Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә
Аҟәа имҩаԥысит Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә
Sputnik Аҧсны
872 мшы – цәыббра 8, 1941 шықәса инаркны амацәаз иҭакыз Ленинград ахы иақәиҭтәын ажьырныҳәа 27, 1944 шықәсазы. 28.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-28T12:00+0300
2024-01-28T12:00+0300
2024-01-28T12:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/1c/1049989197_0:107:838:578_1920x0_80_0_0_c845565d86a297d6c6e2c94aa3af1a5e.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ҳәа аанацҳауеит ҳтәылаҿы иҟоу Россотрудничесто ахаҭарнакра.Афильм ддырбаанӡа, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа идлырбеит ихлымӡаахыз урҭ амшқәа ирызку лхатәы ахҭысҭыԥырба, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи 1992-1993 шықәсқәа раан Тҟәарчал аблокадеи аамҭақәа еидкыло дықәгылеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Елена Шамба.Агәаларшәаратә амш иазкыз адокументалтә фильмқәа дырбара еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа.80 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 27 1944 шықәсазы, астратегиатә ҵакы змаз Ленинградтәи-Новгородтәи ажәылара иалнаршеит 872 мшы амацәаз иҭакыз Ленинград ахақәиҭтәра.Ииасыз ашықәс азы Санкт-Петербургтәи ақалақьтә ӡбарҭа Ленинград аблокада арратә цәгьоуроуп ҳәа азгәанаҭеит. Анацистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи Ленингради иара ауааԥсыреи ирырҭаз аԥхасҭа 35,3 триллион мааҭ инаӡоит ҳәа иашьеит апрокуратура.
https://sputnik-abkhazia.info/20240127/putin-leningrad-ablokada-uay-iimbats-gymbylbaroup-a-akhiaait-1049988082.html
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/1c/1049989197_58:142:780:684_1920x0_80_0_0_0060b8db9d745e5323edece072ea11a7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәа имҩаԥысит Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә
12:00 28.01.2024 (ирҿыцуп: 12:27 28.01.2024) 872 мшы – цәыббра 8, 1941 шықәса инаркны амацәаз иҭакыз Ленинград ахы иақәиҭтәын ажьырныҳәа 27, 1944 шықәсазы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ҳәа аанацҳауеит ҳтәылаҿы иҟоу Россотрудничесто ахаҭарнакра.
"Москва аҩны" аҟны идырбан, 1943 шықәсазы Ладожтәи аӡиаҟны иҟоу адгьылбжьаха Сухо агаразы иҭыху адокументалтә фильм "Ладого".
Афильм ддырбаанӡа, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа идлырбеит ихлымӡаахыз урҭ амшқәа ирызку лхатәы ахҭысҭыԥырба, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи 1992-1993 шықәсқәа раан Тҟәарчал аблокадеи аамҭақәа еидкыло дықәгылеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Елена Шамба.
Агәаларшәаратә амш иазкыз адокументалтә фильмқәа дырбара еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа.
80 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 27 1944 шықәсазы, астратегиатә ҵакы змаз Ленинградтәи-Новгородтәи ажәылара иалнаршеит 872 мшы амацәаз иҭакыз Ленинград ахақәиҭтәра.
Ииасыз ашықәс азы Санкт-Петербургтәи ақалақьтә ӡбарҭа Ленинград аблокада арратә цәгьоуроуп ҳәа азгәанаҭеит. Анацистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи Ленингради иара ауааԥсыреи ирырҭаз аԥхасҭа 35,3 триллион мааҭ инаӡоит ҳәа иашьеит апрокуратура.