Аԥсны

Амаининг хархәагақәа Ԥсоу аҳәаа рахыгара аԥырҟәҟәауп

Аԥсны аенергосистема ахьуашәшәыроу иахҟьаны акриптовалиута арҳара азин ыҟам. Уи азы иалагалоу аԥкрақәагьы аамҭа-аамҭала иацырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Акриптовалиута арҳаразы амаинингқәа аԥсуа-аурыс ҳәааҟны ирымхын ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Урыстәыла атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына Honda аҟны ирбеит амодель "Whatsminer M50" иаҵанакуа х-маругак.
Административтә зинеилагараз аматериалқәа аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы инашьҭуп.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.