Аԥсны

Сақаниа еиҭеиҳәеит еиқәырхоу асахьақәа рконсервациа актәи ахәҭа шхыркәшахаз

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьақәа зыҩназ ахыбра блит ажьырныҳәа 20-21 руха. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа амцакра ашьҭахь иалшеит аусумҭақәа 200 раҟара реиқәырхара, уи афондқәа рҿы иҵәахын 4000 цыра асахьақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Урыстәылатәи ареставраторцәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амца анакыз зеиқәырхара алшаз аусумҭақәа аус рыдулара хдыркәшеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа адиректор Сурам Сақаниа.

"Абри аамҭала арестовраторцәа ирылшеит 80% сахьа аконсервациа рзура. Раԥхьатәи аусурахь иаҵанакуеит ашәыгақәа, ақәнышқәа уаҳа иԥхасҭамхарц азы аконсервациа рзура. Арестовраторцәа ахьынҭәаашьҭу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аусумҭақәа еиҳа инарҵауыланы аус рыдуыларазы рыдкылара иақәшаҳаҭхар, уахь ишьҭтәны иаҳшьо асахьақәа алаҳхуеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ареставрациатә усурақәа Аԥсынгьы имҩаԥысуеит, аԥхасҭа зауыз асахьақәа еиҭашьақәдыргыларц аусурақәа мҩаԥыргоит хҩык аҟазауаа. Уи азы ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа иҳәеит Амилаҭтә галереиа адиректор.
"Хәызмоу арҿиамҭақәа ишабалак аҳәаа рахыгара ҟалом. Сара 2015 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз ацәыргақәҵахь усумҭақәак ииазгеит. Уи аганахь ала аԥышәа сымоуп. Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә усҳәарҭақәа рыбжьара иахәҭаны иҟоу аиқәшаҳаҭра ҟалар, иалшоит аамҭа мгакәа урҭ Урыстәылаҟа рнагара. Асахьақәа иҷыдоу амашьынақәа рыла имҩаԥгатәуп", - ҳәа иҳәеит Сақаниа.
Асахьақәа зламҩанырго атранспорт аҿы иахәҭаны ишьоу аҭагылазаашьа аԥҵамхар дара еиҳагьы иԥхасҭахар ҟалоит.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Сақаниа амца иалаблыз Аԥсны асахьақәа рфонд иазкны
"Амашьынаҿы иҷыдоу амикроклимат аԥҵамхар ашәыгатә ҿысҭақәа ԥхасҭахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.
Аԥсны аус зуаз ареставраторцәа ареспубликахь аҳасабырбақәа аарышьҭроуп, асахьақәа рҭагылазаашьа анырԥшны. Урҭ адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны ԥхьаҟатәи аусура атәы ӡбахоит ҳәа иҳәеит адиректор.
"Иҟалоит еилаӡарыла еиҭа иаауа ҟалар. Аха еиҭасҳәахуеит, аусураз аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп. Уи иаҭахуп ауада ҭбаа, иҷыдоу арлашаратә системақәа уҳәа", - ҳәа иҳәеит Сурам Сақаниа.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Џьениа аҳәынҭқарратә галереиа аԥеиԥш иазкны