00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Сақаниа амца иалаблыз Аԥсны асахьақәа рфонд иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Сақаниа амца иалаблыз Аԥсны асахьаҭыхымҭақәа рфонд иазкны
Анапаҵаҩра
Амца иалаблыз Амилаҭтә асахьатә галереиа аԥсуа ҟазаразы аҵакы, адоуҳатә культура аахас иаиуз, иахьазы иузырҽеиуа акрыҟоума, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
Ажьырныҳәа 21 ашамҭаз амца иалаблит Аԥсны амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа рҿы иҵәахыз ԥшьнызқь усумҭа. Еицырдыруа аԥсуа ҟазацәа - Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Ольга Брендель уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа амца иалаблит.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иалаз 150 сахьа реиқәырхара алшеит ҳәа адырра ҟарҵеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Еиқәхаз рыбжьара иҟоуп Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Виссарион Ҵәыџьба, Ҭачулиа, Минасиан русумҭақәа.
Амилаҭтә галереиа аԥҵан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан. Уи ахатә хыбра амамызт, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы қьырала ауада ганы иҩнаҵаны ирыман. Уа асахьақәа рыҵәахразы аҭагылазаашьа анааломызт.
Агалереиа анапхгара изныкымкәа атәыла анапхгара ирыдҵаалахьан Пушкин имҩаҿы игылоу иара 1999 шықәсазы иазалырххьаз, аха иахьа уажәраанӡа еиҭашьақәыргылам ахыбрахь ииаргарц.
"Александр Чачба имфа-имжә, иԥсы ахьыкәкәа иааишьҭыз иусумҭақәа 500 рҟынтәи 226 иҳамаз ҳзымыхьчаӡеит. Абри анысҳәо, сгәыи сылаӷырӡи еилаҵәоит. Иара убриаҟара агәаҟрақәа ихганы, сыԥсадгьыл аҟны изызҳауа ауаа рзы ҳәа иааишьҭит иусумҭақәа. Ҳара зегьы иаҳхароуп ари, избанзар ҳмыҳҳәаӡеит, амлашьратә митингқәа ҟаҳамҵаӡеит…ҳаиҳабацәа аԥсуаа роуми ҳәа рыгәра ҳамгои", - иҳәеит Сақаниа.
Урыстәыла акультура аминистрра аусдырыҩцәа агалереиа абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥыргаразы иааиуа амчыбжь азы Аԥсныҟа раара азгәаҭоуп, иҳәеит Сақаниа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0