Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьениа аҳәынҭқарратә галереиа аԥеиԥш иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Џьениа аҳәынҭқарратә галереиа аԥеиԥш иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥнагеит апресс-конференциа. Уаҟа иазааҭгылан ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи, уи алҵразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи. Иаҳԥеиԥшуи, изеиԥшразар ахәҭои анаҩстәи ашьаҿақәа, еишԥеизгахо ҩаԥхьа аҳәынҭқарратә галереиа амал, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагра иҳәеит Аԥсны асахьҭыхцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.
Витали Џьениа иҳәеит арҭ амшқәа рзы, Урыстәыла ахы аҵыхәа аҟынтә ажәыбжь заҳаз аҟазауаа шизасуа, асахьақәа реизгареи реиҭашьақәыргылареи рзы рыцхыраара шидыргало. Убри аан иҳәеит, зегь раԥхьа иргыланы ахыбра азҵаара шыӡбатәу, иара игәаанагарала иаԥсам макьана асахьақәа реизгара иахьыҵәахтәу аҭыԥ ыҟамкәа.
Витали Џьениа дазааҭгылеит, Алықьса Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа рацәаны еиуеиԥшым атәылақа рҿы ишыҟоу, иҳәеит ари ахҭыс ашьҭахь аукцианқәа рахь ишцәырҵло, асахьақәагьы рыхә ишацло, аха урҭ аархәартә еиԥш аԥсуа сахьаҭыхцәа алшара шрымам, уи аус рнапы шалыркыша абизнес иаҿу. Витали Џьениа иара убасгьы иазгәеиҭеит, иблыз ахыбра еиҳагьы еиламҳарцаз иахәҭоу аусурақәа шымҩаԥгатәу, раԥхьа инаргыланы ахыб ҟаҵатәуп, ақәа ҩнамларцаз.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0