АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Амаининг хархәагақәа 57 цыра ахьықәгылаз акриптоферма ықәыргеит Лыхны ақыҭаҿ Ашәарҭадаратә маҵзуреи Гәдоуҭа араион ААР-и русзуҩцәеи. Абри атәы аанацҳауеит араион ахадара.
Амаининг хархәагақәа ықәганы Аԥсны АҩАР ашьҭаҵарҭахь инаган. Аферма зтәу ихаҭара шьақәыргылоуп. Закәаншьаҭада афымцаҳақәа рыҽрыԥшьразы аусҭҵаара цоит ҳәа аанацҳауеит Гәдоуҭа араион ахадара.