Тҟәарчал араион ахада иҳәеит сынтәа арацәа аҵхразы аусурақәа ирылагап ҳәа ишгәыӷуа, убас ақалақь ахаҿра аиӷьтәразы ҵыԥх изхьымӡаз аусқәа сынтәа инарыгӡараны ишыҟоу, уахь иаҵанакуеит апаркқәа, уаҟа ауаа рыԥсшьарҭақәа реиҿкаара.
"Ахан ду азааигәара иҟоу апарк иацаҳҵеит, уаҟа аӡыршә, ауаа рыԥсшьараҭа ҟалоит. Асовет аамҭазы уа аусурақәа хацыркын, аха инагӡамызт. Уи 35 миллион мааҭ иҳазтәоит, 27 азоуҳажьхьеит, макьана аусурақәа зегьы мҩаԥгаӡам, иаанханы иҟоу 8 миллион мааҭгьы ҳамоуп, ираҳҭоит", - иҳәеит Дочиа.
Иара иазгәеиҭеит Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи ҵыԥх Тҟәарчал ишазоужьыз 28 миллион мааҭ. Уи ақалақь ахаҿра аиҭакра ишаныԥшуа. Дочиа иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны аҩн дуқәа ҩба-хԥа рхыбқәа ԥсахын, аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи уи азы 20 миллион мааҭ аужьын. Тҟәарчал араион ахада иҳәеит аԥхьаҟа гәҭакыс ишрымоу ақалақь аҟны ԥаса иҟаз азанџьыртә мҩа аиҭашьақәыргылара, уи аура 1200 метра ыҟоуп.
"Амҩа хада Аҟармара аганахьала аҟаҵара иаҿуп, даара акыр инаргахьеит, сгәаанагарала, илбааны ақалақь Ахақәиҭра апроспект аҟынӡа ҩымз рыла ихдыркәшоит. Амҩа 18 километра ыҟоуп, аҟаҵара 145 миллион мааҭ артәоит. Уи аинвестициатә программала аԥара азоужьуп. Иаҳхысыз ашықәс азы иҟарҵар акәын, аха мзызқәак ирыхҟьаны изалымгеит", - иҳәеит Дочиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.