https://sputnik-abkhazia.info/20240210/atylauai-aiabyrei-dochia-tarchal-itso-argylarat-usuraa-rty-1050074831.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа Тҟәарчал ицо аргыларатә усурақәа ртәы
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа Тҟәарчал ицо аргыларатә усурақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа инарыгӡараны иҟоу аусурақәа араион аҟны, ақалақь ахаҿра аиҭакразы изҿу. 10.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-10T18:40+0300
2024-02-10T18:40+0300
2024-02-10T21:20+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
атәылауаҩи аиҳабыреи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/07/1050075046_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_1779340bf6d9a51df3d9a10204fa8a5e.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа Тҟәарчал ицо аргыларатә усурақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа Тҟәарчал ицо аргыларатә усурақәа ртәы
Тҟәарчал араион ахада иҳәеит сынтәа арацәа аҵхразы аусурақәа ирылагап ҳәа ишгәыӷуа, убас ақалақь ахаҿра аиӷьтәразы ҵыԥх изхьымӡаз аусқәа сынтәа инарыгӡараны ишыҟоу, уахь иаҵанакуеит апаркқәа, уаҟа ауаа рыԥсшьарҭақәа реиҿкаара."Ахан ду азааигәара иҟоу апарк иацаҳҵеит, уаҟа аӡыршә, ауаа рыԥсшьараҭа ҟалоит. Асовет аамҭазы уа аусурақәа хацыркын, аха инагӡамызт. Уи 35 миллион мааҭ иҳазтәоит, 27 азоуҳажьхьеит, макьана аусурақәа зегьы мҩаԥгаӡам, иаанханы иҟоу 8 миллион мааҭгьы ҳамоуп, ираҳҭоит", - иҳәеит Дочиа.Иара иазгәеиҭеит Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи ҵыԥх Тҟәарчал ишазоужьыз 28 миллион мааҭ. Уи ақалақь ахаҿра аиҭакра ишаныԥшуа. Дочиа иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны аҩн дуқәа ҩба-хԥа рхыбқәа ԥсахын, аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи уи азы 20 миллион мааҭ аужьын. Тҟәарчал араион ахада иҳәеит аԥхьаҟа гәҭакыс ишрымоу ақалақь аҟны ԥаса иҟаз азанџьыртә мҩа аиҭашьақәыргылара, уи аура 1200 метра ыҟоуп."Амҩа хада Аҟармара аганахьала аҟаҵара иаҿуп, даара акыр инаргахьеит, сгәаанагарала, илбааны ақалақь Ахақәиҭра апроспект аҟынӡа ҩымз рыла ихдыркәшоит. Амҩа 18 километра ыҟоуп, аҟаҵара 145 миллион мааҭ артәоит. Уи аинвестициатә программала аԥара азоужьуп. Иаҳхысыз ашықәс азы иҟарҵар акәын, аха мзызқәак ирыхҟьаны изалымгеит", - иҳәеит Дочиа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/07/1050075046_338:0:3067:2047_1920x0_80_0_0_25ffd9b86dd5b7ec08cd953df379d141.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа Тҟәарчал ицо аргыларатә усурақәа ртәы
18:40 10.02.2024 (ирҿыцуп: 21:20 10.02.2024) Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа инарыгӡараны иҟоу аусурақәа араион аҟны, ақалақь ахаҿра аиҭакразы изҿу.
Тҟәарчал араион ахада иҳәеит сынтәа арацәа аҵхразы аусурақәа ирылагап ҳәа ишгәыӷуа, убас ақалақь ахаҿра аиӷьтәразы ҵыԥх изхьымӡаз аусқәа сынтәа инарыгӡараны ишыҟоу, уахь иаҵанакуеит апаркқәа, уаҟа ауаа рыԥсшьарҭақәа реиҿкаара.
"Ахан ду азааигәара иҟоу апарк иацаҳҵеит, уаҟа аӡыршә, ауаа рыԥсшьараҭа ҟалоит. Асовет аамҭазы уа аусурақәа хацыркын, аха инагӡамызт. Уи 35 миллион мааҭ иҳазтәоит, 27 азоуҳажьхьеит, макьана аусурақәа зегьы мҩаԥгаӡам, иаанханы иҟоу 8 миллион мааҭгьы ҳамоуп, ираҳҭоит", - иҳәеит Дочиа.
Иара иазгәеиҭеит Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи ҵыԥх Тҟәарчал ишазоужьыз 28 миллион мааҭ. Уи ақалақь ахаҿра аиҭакра ишаныԥшуа. Дочиа иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны аҩн дуқәа ҩба-хԥа рхыбқәа ԥсахын, аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи уи азы 20 миллион мааҭ аужьын. Тҟәарчал араион ахада иҳәеит аԥхьаҟа гәҭакыс ишрымоу ақалақь аҟны ԥаса иҟаз азанџьыртә мҩа аиҭашьақәыргылара, уи аура 1200 метра ыҟоуп.
"Амҩа хада Аҟармара аганахьала аҟаҵара иаҿуп, даара акыр инаргахьеит, сгәаанагарала, илбааны ақалақь Ахақәиҭра апроспект аҟынӡа ҩымз рыла ихдыркәшоит. Амҩа 18 километра ыҟоуп, аҟаҵара 145 миллион мааҭ артәоит. Уи аинвестициатә программала аԥара азоужьуп. Иаҳхысыз ашықәс азы иҟарҵар акәын, аха мзызқәак ирыхҟьаны изалымгеит", - иҳәеит Дочиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.