АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа шә-граммк рҟынӡа аметадон рымырхит Москватәи Аԥсны иааны иҟаз хаҵеи ԥҳәыси ҳәа аанацҳауеит ареспублика Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
47-шықәса зхыҵуа Николаи Федосов агәаҭара данахрыжьуаз идырбалеит аххы шкәакәа згәылаԥсаз 15 еилаҳәара, азеиԥш капан - 13,5 грамм.
43-шықәса зхыҵуа Татиана агәаҭара лахыжьраан илыдбалан аҵәах-шьҭаҵарҭақәа рахь анагара иазырхиаз арҩашьыгатә маҭәашьар, ззеиԥш капан 5 граммк иҟаз.
Николаи Федосов иажәақәа рыла, иара арҭ аилаҳәарақәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы улаԥш иахьыҵамшәаша иҵәахуан, анаҩс аҭыԥкәа ахьыҟоу рзы адырра ииҭон "Антон" ҳәа хьыӡшьараны измоу идырым ауаҩы. Ҵәахыцыԥхьаӡа 700 мааҭ ақәҵаны изыршәон.
Аҵәахырҭа ҭыԥқәа ԥшаауп амшын аԥшаҳәаҿы аиԥш Пушкин имҩаҿы иҟоу апарк аҿгьы. Арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рымхуп. Уи адагьы, асасааирҭа иахьыҩназ ауадаҿ ирбеит 73,5 грамм аметадон.
Ашьаус хацыркуп. Ацәгьоуцәа ҳәа агәызҩара ззыҟоу ырбаандаҩуп.