Урыстәыла

Сынтәа автомашьынақәа роушьҭырҭа ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара иалагоит

Иахьазы "Адлер" – Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегь раасҭа атранспорти ауааи зхысуа ҭыԥны ишшьоу, убри азы аиҭарҿыцра ихымԥадатәны ишыҟоу.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Сынтәа автомашьынақәа роушьҭырҭа ҭыԥ "Адлер" аргылара-арҽеиратә усурақәа ирылагоит ҳәа аанацҳауеит "Росгранстрой".
Аиҭашьақәыргыларақәа рышьҭахь аусура иалагоит 28 цәаҳәа. Атранспорт аушьҭраз алшарақәа 9,5 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала 1,5 нызқь инадыркны 14,13 нызқь рҟынӡа), ауаа роушьҭразы алшарақәагьы 3 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала 28 нызқь инадыркны 80,5 нызқь рҟынӡа).
Иара убасгьы иалагалахоит агәаҭара аиҿкаараз атехнологиа ҿыцқәа, уи иалнаршоит аамҭак ала шәкы рҟынӡа транспорттә хархәагақәа - амашьына ласқәа, аидарамҩангагатә машьынақәа, автобусқәа, автобус маҷқәа рышәҟәеиҿкаара.
Уажәы апроекттә қьаадқәа аус адыруылоит, анаҩс аужьҭырҭатә ҭыԥ аҟны аргыларатә усурақәа ирылагоит.
Урыстәыла
13 миллионҩык инареиҳаны 2023 шықәсазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иахысит