Урыстәыла

13 миллионҩык инареиҳаны 2023 шықәсазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иахысит

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни по городу СочиВыявлены факты подделки документов при перемещении дорогостоящих автомобилей из Республики Абхазия
Выявлены факты подделки документов при перемещении дорогостоящих автомобилей из Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. 13 миллионҩык инареиҳаны 2023 шықәсазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иахысит, ашәҟәы иҭагалан 2,7 миллион инареиҳаны атранспорттә хархәагақәа ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Ииасыз ашықәс аихшьаалақәа рыла, аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа аҳазалхырҭатә ҭыԥқәа рыбжьара иреиӷьу коллективуп ҳәа иалкаауп.

Ииасыз ашықәс азы Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы жәларбжьаратәи авиареисқәа рхыԥхьаӡара 40% рыла еиҳахеит. Ашәҟәы иҭагалан 26 000 ҳаирплан, 1,2 миллионҩык апассаџьырцәа.
Краснодартәи аҳазалхырҭа Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿы иреиҳау ҳазалхырҭаны иԥхьаӡоуп, уи Краснодартәи атәылаҿацәи Адыгатәылеи ирыҿурԥшуазар, 95% инаӡо аҵакыраҿы аус ауеит. Шықәсык аҩнуҵҟа иараҟынтә афедералтә биуџьет иаланагалоит 17 миллиард мааҭ инареиҳаны.
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2023
Аԥсны
Ԥшь-миллионҩык ауаа рҟынӡа урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа иахысит аԥхынра иалагӡаны
Ажәабжьқәа зегьы
0