АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, реиҭахәаԥшра ҟалом ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз ахҳәааҟны.
"Аԥсуа ган алагьы, урыстәыла аганхь алагьы иҳабжьоу аиешьаратә еизыҟазаашьақәа асуверентә еиҟарара шьаҭас ирымоуп, реиҭахәаԥшра ҟалом", - ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭаҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит, аизыҟазаашьақәа шышьақәгылоу ҭоурыхлеи, ауаатәыҩсатәи, акультура-гуманитартә традициақәа рыла. Аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура амеханизм аус шауа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рыбжьара аицәажәарақәа рыбзоурала.
"Жәаҳәарада, ҷыдала азҿлымҳара зҭатәу азҵаарақәа аамҭа-аамҭала ицәырҵлоит. Урҭ рыӡбара ҳара ҳаизыҟазаашьақәа иаҳагьы иарӷәӷәоит", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.