https://sputnik-abkhazia.info/20240217/adar-asni-urystylei-rybzhara-aiyzarat-eizyazaashaa-reiakhashra-alom-1050193880.html
АдәАР: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра ҟалом
АдәАР: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра ҟалом
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, реиҭахәаԥшра ҟалом ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра... 17.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-17T20:55+0300
2024-02-17T20:55+0300
2024-02-17T21:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/0c/1040204682_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_e39c961d34f95690046dead4d4509651.jpg
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, реиҭахәаԥшра ҟалом ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз ахҳәааҟны. Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит, аизыҟазаашьақәа шышьақәгылоу ҭоурыхлеи, ауаатәыҩсатәи, акультура-гуманитартә традициақәа рыла. Аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура амеханизм аус шауа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рыбжьара аицәажәарақәа рыбзоурала. "Жәаҳәарада, ҷыдала азҿлымҳара зҭатәу азҵаарақәа аамҭа-аамҭала ицәырҵлоит. Урҭ рыӡбара ҳара ҳаизыҟазаашьақәа иаҳагьы иарӷәӷәоит", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/0c/1040204682_341:0:3072:2048_1920x0_80_0_0_a429c31571dc2c6e8aec60bd4631a19a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АдәАР: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра ҟалом
20:55 17.02.2024 (ирҿыцуп: 21:56 17.02.2024) АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, реиҭахәаԥшра ҟалом ҳәа
аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз ахҳәааҟны.
"Аԥсуа ган алагьы, урыстәыла аганхь алагьы иҳабжьоу аиешьаратә еизыҟазаашьақәа асуверентә еиҟарара шьаҭас ирымоуп, реиҭахәаԥшра ҟалом", - ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭаҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит, аизыҟазаашьақәа шышьақәгылоу ҭоурыхлеи, ауаатәыҩсатәи, акультура-гуманитартә традициақәа рыла. Аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура амеханизм аус шауа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рыбжьара аицәажәарақәа рыбзоурала.
"Жәаҳәарада, ҷыдала азҿлымҳара зҭатәу азҵаарақәа аамҭа-аамҭала ицәырҵлоит. Урҭ рыӡбара ҳара ҳаизыҟазаашьақәа иаҳагьы иарӷәӷәоит", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.