АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. "Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ралагалара ирылацәажәеит жәларбжьареи, апарламентбжьареи, аџьынџьуаа рымадареи ирызку апарламенттә еилакы аҟны.
Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны иаднакыло аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩхаанӡа урҭ Жәлар Реизара ардырра.
Аилак алахәылацәа ажәадгала ҟарҵеит аратификациа иаҵанамкуа аиқәшаҳаҭрақәа ареспублика азакәан иазыԥхьагәанаҭо аԥҟарақәа рыда аҽа ԥҟарақәак рышьақәыргылара алмыршазарц.
Иара убасгьы иалацәажәан жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа Апарламент ахь рнагара аҿҳәаратә аамҭа.
Адепутатцәа ирыӡбеит Апарламент иааиуа асессиаҿы азакәан апроект аҩбатәи аԥхьарала адкылара адыргаларц ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.