Аԥсны

Иузыразхарц азы: аҵарақәеи амаҵақәеи рыхәҭаа рыҭара

Аԥсабара иахәҭаку амаҵақәеи аҵарақәеи рыхәҭаа рыҭалатәуп, иузыразхарц азы ҳәа рыԥхьаӡоит аԥсуаа. Уи азы имҩаԥырго ақьабзқәа ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара зегьы ахәҭаа аҭалатәуп, иузыразхарц уҭахызар. Ари ианыԥшуеит аԥсабара аиҷаҳара, ахылаԥшра. Аԥсабара ауаҩы иалиго аҟара азиргьежьуазароуп. "Зқьы ааӡаны, шәкы абна иаҭ" - зеиӷь ыҟам жәаԥҟоуп аԥсуа аԥсабара дшазыҟоу шьахәлаҵәҟьа иаазырԥшуа.
Уаазхәыцыр, иҟарҵозеи амаҵақәа бзиарас ауаҩы изы, иабаихәарҭоу, рыхәҭаа ишартә еиԥш?! Аха дара убарҭгьы аԥсабара иахәҭакуп, аԥсабара иахәҭаку зегь реиԥш, убарҭгьы узыразхартә иҟаҵатәуп. Амаҵақәа еиҳарак уаныхҭаркуа аԥхынра ашоура аныҟоу ауп.
Дырмит Гәлиа ианҵамҭақәа рҟны амаҵақәа уԥырхагамхартә иҟаҵатәу ҳәа ҳаԥхьоит абас еиԥш:
"Раԥхьатәи ааԥынтәи амзаҿа ангыло аухазы ахәы ылырхуеит: акәтаӷьцәа аҟны еизыргоит ахәашақәа, нас уи каԥсо агәара иакәшоит абарҭ ажәақәа ҳәо: "Амаҵақәа, шәара шәыхәҭаа ылысхит сара сҟынтәи" ҳәа ҳәо".
Аԥсны
Ақәаԥсата, аԥсҭҳәа, апҟақәа: ааԥын шыҟалази уи адыргақәеи
Иара убасҵәҟьа акәтаӷьцәа аҟны ахәашақәа еизганы иҟарҵон аҵарақәа ауаҩы изыразхаратәы. Амала хыхь иаҳҳәаз иазҷыданы, ари еизыргаз ахәашақәа акәтаӷьцәа ишылоу аҩны ахыб иқәрыжьуан. Ас еиԥш аритуал мҩаԥыргон самырзаҟанаа аҟәраан акәҷар рымгаларц азы. Ари аҩыза аритуал анымҩаԥыргоз ааԥынра аламҭалаз, аҵарақәа анаауа азоуп.
Аҵыс ажәҩан, аҳаракыра, ацқьара, аҭынчра иасимволны иаарԥшуп. Иаҳҳәозар, аҵыс атрибутк аҳасабала ацәа иалхны ашьамаҟа (зышәагаа дуу ацәашьы) ахаҿы иқәдыртәон.
Аԥсуаа аҵарақәа ҳаҭырла ишырзыҟоу аныԥшуеит аԥсаатәқәа рынцәахәы дахьрымоу (уи Анҷакәынҷа ихьӡуп), насгьы иалкаау "аҵыс бызшәа" ашьара. Ҳаамҭазы ауаҩы ииҳәо анузеилмырго "аҵыс бызшәа" иҳәоит рҳәоит, аха анкьа иҟан аҵыс бызшәа здыруазгьы…
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи