https://sputnik-abkhazia.info/20240224/iuzyrazkharts-azy-aaraei-amaaei-rykhaa-ryara-1050200976.html
Иузыразхарц азы: аҵарақәеи амаҵақәеи рыхәҭаа рыҭара
Иузыразхарц азы: аҵарақәеи амаҵақәеи рыхәҭаа рыҭара
Sputnik Аҧсны
Аԥсабара иахәҭаку амаҵақәеи аҵарақәеи рыхәҭаа рыҭалатәуп, иузыразхарц азы ҳәа рыԥхьаӡоит аԥсуаа. Уи азы имҩаԥырго ақьабзқәа ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи... 24.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-24T09:20+0300
2024-02-24T09:20+0300
2024-02-24T09:20+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032061950_0:0:1500:844_1920x0_80_0_0_7f225c9f2a5f4a88085797c627007cb0.jpg
Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара зегьы ахәҭаа аҭалатәуп, иузыразхарц уҭахызар. Ари ианыԥшуеит аԥсабара аиҷаҳара, ахылаԥшра. Аԥсабара ауаҩы иалиго аҟара азиргьежьуазароуп. "Зқьы ааӡаны, шәкы абна иаҭ" - зеиӷь ыҟам жәаԥҟоуп аԥсуа аԥсабара дшазыҟоу шьахәлаҵәҟьа иаазырԥшуа.Уаазхәыцыр, иҟарҵозеи амаҵақәа бзиарас ауаҩы изы, иабаихәарҭоу, рыхәҭаа ишартә еиԥш?! Аха дара убарҭгьы аԥсабара иахәҭакуп, аԥсабара иахәҭаку зегь реиԥш, убарҭгьы узыразхартә иҟаҵатәуп. Амаҵақәа еиҳарак уаныхҭаркуа аԥхынра ашоура аныҟоу ауп. Дырмит Гәлиа ианҵамҭақәа рҟны амаҵақәа уԥырхагамхартә иҟаҵатәу ҳәа ҳаԥхьоит абас еиԥш:"Раԥхьатәи ааԥынтәи амзаҿа ангыло аухазы ахәы ылырхуеит: акәтаӷьцәа аҟны еизыргоит ахәашақәа, нас уи каԥсо агәара иакәшоит абарҭ ажәақәа ҳәо: "Амаҵақәа, шәара шәыхәҭаа ылысхит сара сҟынтәи" ҳәа ҳәо".Иара убасҵәҟьа акәтаӷьцәа аҟны ахәашақәа еизганы иҟарҵон аҵарақәа ауаҩы изыразхаратәы. Амала хыхь иаҳҳәаз иазҷыданы, ари еизыргаз ахәашақәа акәтаӷьцәа ишылоу аҩны ахыб иқәрыжьуан. Ас еиԥш аритуал мҩаԥыргон самырзаҟанаа аҟәраан акәҷар рымгаларц азы. Ари аҩыза аритуал анымҩаԥыргоз ааԥынра аламҭалаз, аҵарақәа анаауа азоуп.Аҵыс ажәҩан, аҳаракыра, ацқьара, аҭынчра иасимволны иаарԥшуп. Иаҳҳәозар, аҵыс атрибутк аҳасабала ацәа иалхны ашьамаҟа (зышәагаа дуу ацәашьы) ахаҿы иқәдыртәон.Аԥсуаа аҵарақәа ҳаҭырла ишырзыҟоу аныԥшуеит аԥсаатәқәа рынцәахәы дахьрымоу (уи Анҷакәынҷа ихьӡуп), насгьы иалкаау "аҵыс бызшәа" ашьара. Ҳаамҭазы ауаҩы ииҳәо анузеилмырго "аҵыс бызшәа" иҳәоит рҳәоит, аха анкьа иҟан аҵыс бызшәа здыруазгьы…
https://sputnik-abkhazia.info/20230402/aasata-asa-apaa-aayn-shyalazi-ui-adyrgaei-1044997066.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190217/Anchakuncha-apsaatkua-ryntsakhui-atsys-byzshei-1026661513.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032061950_148:0:1481:1000_1920x0_80_0_0_8dfc2fa510bd3952c4b6e3baa5e21090.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
Иузыразхарц азы: аҵарақәеи амаҵақәеи рыхәҭаа рыҭара
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Аԥсабара иахәҭаку амаҵақәеи аҵарақәеи рыхәҭаа рыҭалатәуп, иузыразхарц азы ҳәа рыԥхьаӡоит аԥсуаа. Уи азы имҩаԥырго ақьабзқәа ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара зегьы ахәҭаа аҭалатәуп, иузыразхарц уҭахызар. Ари ианыԥшуеит аԥсабара аиҷаҳара, ахылаԥшра. Аԥсабара ауаҩы иалиго аҟара азиргьежьуазароуп. "Зқьы ааӡаны, шәкы абна иаҭ" - зеиӷь ыҟам жәаԥҟоуп аԥсуа аԥсабара дшазыҟоу шьахәлаҵәҟьа иаазырԥшуа.
Уаазхәыцыр, иҟарҵозеи амаҵақәа бзиарас ауаҩы изы, иабаихәарҭоу, рыхәҭаа ишартә еиԥш?! Аха дара убарҭгьы аԥсабара иахәҭакуп, аԥсабара иахәҭаку зегь реиԥш, убарҭгьы узыразхартә иҟаҵатәуп. Амаҵақәа еиҳарак уаныхҭаркуа аԥхынра ашоура аныҟоу ауп.
Дырмит Гәлиа ианҵамҭақәа рҟны амаҵақәа уԥырхагамхартә иҟаҵатәу ҳәа ҳаԥхьоит абас еиԥш:
"Раԥхьатәи ааԥынтәи амзаҿа ангыло аухазы ахәы ылырхуеит: акәтаӷьцәа аҟны еизыргоит ахәашақәа, нас уи каԥсо агәара иакәшоит абарҭ ажәақәа ҳәо: "Амаҵақәа, шәара шәыхәҭаа ылысхит сара сҟынтәи" ҳәа ҳәо".
Иара убасҵәҟьа акәтаӷьцәа аҟны ахәашақәа еизганы иҟарҵон аҵарақәа ауаҩы изыразхаратәы. Амала хыхь иаҳҳәаз иазҷыданы, ари еизыргаз ахәашақәа акәтаӷьцәа ишылоу аҩны ахыб иқәрыжьуан. Ас еиԥш аритуал мҩаԥыргон самырзаҟанаа аҟәраан акәҷар рымгаларц азы. Ари аҩыза аритуал анымҩаԥыргоз ааԥынра аламҭалаз, аҵарақәа анаауа азоуп.
Аҵыс ажәҩан, аҳаракыра, ацқьара, аҭынчра иасимволны иаарԥшуп. Иаҳҳәозар, аҵыс атрибутк аҳасабала ацәа иалхны ашьамаҟа (зышәагаа дуу ацәашьы) ахаҿы иқәдыртәон.
Аԥсуаа аҵарақәа ҳаҭырла ишырзыҟоу аныԥшуеит аԥсаатәқәа рынцәахәы дахьрымоу (уи Анҷакәынҷа ихьӡуп), насгьы иалкаау "аҵыс бызшәа" ашьара. Ҳаамҭазы ауаҩы ииҳәо анузеилмырго "аҵыс бызшәа" иҳәоит рҳәоит, аха анкьа иҟан аҵыс бызшәа здыруазгьы…