Аԥсны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа иаԥылҵаз аицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа иаԥылҵаз авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи аҩбатәи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит ҳәа аанацҳауеит артист лпресс-маҵзура.
Уи рхы аладырхәыр рылшоит 21-36 шықәса зхыҵуа авокалистцәеи 20-35 шықәса зхыҵуа аконцертмеистерцәеи.
Алԥшааратә лҵшәақәа рылаҳәахоит жьҭаара 15 рзы, 2025 шықәса ажьырныҳәамза 12-25 рзы Москва имҩԥысуеит аҵыхәтәантәи атур.
Сынтәатәи аԥхьахәтә фонд иартәоит 13,2 миллион мааҭ, 2,5 миллион мааҭ ианашьахоит гран-при иаԥсахаз.
Аԥсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа адунеи аҟны Аԥсны дацҳаражәҳәаҩуп ҳәа лзиҳәеит Аслан Бжьаниа