Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа адунеи аҟны Аԥсны дацҳаражәҳәаҩуп ҳәа лзиҳәеит Аслан Бжьаниа

© Foto / предоставила Хибла ГерзмаваХибла Герзмава
Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2024
Анапаҵаҩра
Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит ажьырныҳәа 6 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, аорден "Ахьӡ-аԥша" актәи аҩаӡара занашьоу Хьыбла Гьерзмааԥҳа лиирамш лыдиныҳәалеит.
"Иблахкыгоу шәашәаҳәара, уамашәа иссируп шәбаҩхатәра. Шәара, адунеи аҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс шәыҟоуп. Адунеи аҟны еицырдыруа асценақәа рҟынтәи шәара шәазгәыдуны шәыԥсадгьыл Аԥсны ахьӡ шәҳәоит, иаашәырԥшоит ишәымоу абзиабара. Аԥсуа жәларгьы уамакала шәырҭахәуп", - иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." зегь ззыԥшу амузыкатә ныҳәоуп ҳәа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, иланашьоуп апремиақәа "Триумф", "Иреиӷьу аоператә шәаҳәаҩы" ахьыӡҳәаҟны "Casta Diva", илоуит амилаҭтә театр апремиа "Золотая маска" "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" азы, иара убас иланашьоуп "Золотой Орфей" "Иреиӷьу ашәаҳәаҩ" ҳәа.
Церемония вручения музыкальной премии BraVo - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2024
Аԥсны
Аоператә нцәахәы: Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит
Ажәабжьқәа зегьы
0