Аԥсны

Амаининг хархәагақәа ԥшьбеи урҭ рзы амыругақәеи рымхуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 Sputnik. Амаининг хархәагақәа ԥшьбеи урҭ рзы амыругақәеи рымырхит аԥснытәи аҳазалхыҩцәа хәажәкыра 16, 17 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳазалхратә маҵзура апресс-маҵзура.
Хәажәкыра 16 рзы амаинингқәа рбеит автомашьына Toyota Alphard аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ианахысуаз. Аппаратқәа рыхәҭак автомашьына асалон аҿы иҵәахын, иаанхаз – аҵәахырҭатә хәҭаҿы.
Хәажәкыра 17 рзы автомашьына Nissan Serena аҿы ирбеит аппарат азы амыругақәа: 3 хеш платак, афымцамчхархәагатә блок, 2 ԥшандагак, агәаҭаратә плата, амҩаԥгага. Аматериалқәа нашьҭуп Аҳазалхратә еилакы аусҭҵааратә ҟәшахьы.
Аԥсны
Амаининг хархәагақәа Ԥсоу аҳәаа рахыгара аԥырҟәҟәауп