АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Акриптовалиута зладырҳауа амаининг хархәагақәа ԥшьба рымхын аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.
Ззин ыҟам ахархәагақәа атәыла алагалара иҽазишәеит Аԥсны атәылауаҩ Р. Кәарҷиа. Амаининг хархәагақәа Whatsminer M30 S амашьына Toyota Alphard аидараҭаҵарҭаҿ иҵәахын.
Ахархәагақәа имхуп, аус аматериалқәа Аҳазалхратә еилакы аҭҵааратә ҟәшахьы инашьҭуп.