АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Владислав Арӡынба ихьӡ зку аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыраҟны аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҳаирбаӷәаз арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылацәажәара иалахәын атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, Аҳаирбаӷәаза адиректор хада Наиль Батраев.
Иара убасгьы Бадра Гәынба аҳаирбаӷәазахь инагоу автомашьынатә мҩа аҿы имҩаԥысуа аусурақәа, ашьҭыԥраара-артәаратә цәаҳәа ақәҵаҭаразы аусурақәа рцашьа гәеиҭеит, авиақалақь аҿы игылоу аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауаа рзы арыцқьаратә шьақәгылақәа рыргаларазы адҵа риҭеит уи знапы иану аусбарҭақәа.
"Аусурақәа зегьы иарбоу аамҭеихша инақәыршәаны ишымҩаԥысуа убарҭоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аԥсны аиҳабыреи аилахәыра "Инфраструктурное Развитиеи" 2023 шықәса жьҭаара 27 рзы. Аргылара ахархәарахь ирыҭахоит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.