00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҳаиртә закәанеидкыла актәи аԥхьарала аԥсахрақәа алагалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Парламента Абхазии
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳаиртә закәанеидкыла аусура иалагеит 2009 шықәса цәыббра 1 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны жәлар реизара адепутатцәа Аԥсны аҳаиртә закәанеидкыла актәи аԥхьарала аԥсахрақәа аларгалеит.
Апроект ахықәкы – аус зуа азакәанеидкыла анормақәа рыԥсахреи, аҳаиртә авиациа аусхк аҟны азинтә еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара реиӷьтәреи роуп.
Апроект иазыԥхьагәанаҭоит:
азинмчнагӡа змоу аусбарҭақәа рҳәаақәҵара иадҳәало аилкаарақәа реиӷьтәра;
аусурахь рыдкылараани русураамҭеи рзи амедицинатә гәаҭара аҳаирусзуҩцәа аҟазауаа рахыжьразы аԥҟарақәа рышьақәыргылара, анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа рцәа алазааразы атестқәа рымҩаԥгарагьы налаҵаны;
аграждантә авиациа аусхк аҟны азинмчнагӡа змоу аусбарҭа арҭ агәаҭарақәа рымҩаԥгара аԥҟара аҳәаақәҵараз амчлшара иҭара;
аграждантә авиациа аусхк аҟны азакәанԥҵара аҭахрақәа рықәымныҟәараан авиациатә еиҿкаара ма ахаланаплакҩы рганахь ала ахархәара зауыр алшо ауснагӡатәқәа рышьақәыргылара;
авиашәарҭадара аҭахрақәа еилазгаз, абагаж, аидара, аԥошьҭа рымҩангараан ззин ыҟам амаҭәарқәа уахь раларкра ҟазҵаз ахаҿқәа азинхьчаратә усбарҭақәа рыҭаразы арҭ аусбарҭақәа азинмчра рыҭара;
агәаҭаратә нормақәа реиӷьтәра;
аҳаиртә мҩангара азеиԥш ԥҟарақәа ирҿамгыло апассаџьырцәа рымаҵ аура еицәазымтәуа ахатә ԥҟарақәа амҩангаҩ иҭара;
амҩангаратә документқәа аелектронтә формала реиҿкаараз алшара аҟаҵара;
азинмчнагӡа змоу аусбарҭа амаҵзурақәеи аизгақәеи ртарифқәа рышьақәыргылареи урҭ рылхра аԥҟаррақәа реиҭакреи рзин аҭара;
апассаџьыр аԥырра мап ацәкреи, иԥарақәа издырхынҳәырц ази изин ашьаҭақәа рырҭбаара;
апассаџьыр имаҭәа, ибагаж рыӡра, рыԥхасҭатәра рзы амҩангаҩ иҭакԥхықәра ашьақәыргылара.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2023 шықәса рашәара 16 рзы. Аиқәшаҳаҭра ранпы аҵарҩит Кристина Озгани Максим Решетникови, Санкт-Петербург.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭахьеит аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31 азы аусура иалагоит жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа еибамырххар ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0