Аԥсны

Гәдоуҭа араион 2,5 нызқь гектар рҟынӡа адгьылқәа аџьықәреи алаҵаразы рыцәаӷәара рыгәҭакуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. 2,5 нызқь гектар рҟынӡа адгьылқәа аџьықәреи алаҵаразы рыцәаӷәара рыгәҭакуп Гәдоуҭа араион аҿы 2024 шықәсазы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа.
2023 шықәсазы ааԥынтәи адәнытә усурақәа рымҩаԥгаразы аҭыԥантәи Амашьына-трактортә станциа ахы ианархәеит аа-тракторк. Сынтәа ақыҭанхамҩатә техника ахыԥхьаӡара жәиԥшь цыра рҟынӡа иҟоуп иҳәеит иара.
Иара иҳәеит атракторқәа иҟоу шазхо 1000 гектар адгьыл ацәаӷәаразы. Иаанхо адгьылқәа ауааԥсыра ртехника ала ицәаӷәахоит.
Кәарцхьиа иажәақәа рыла, араион аҿы иазԥхьагәарҭоит хәыдаԥсада социалла икәадоу ауааԥсыра рымхқәа рзырцәаӷәарц. Егьырҭ рзы гектарк адгьыл ацәаӷәара 5200 мааҭ иаԥсоуп, аха абылтәы ахә шьҭыҵыр ари ахәԥсагьы аҽеиҭанакыр алшоит.
Арадио
Кәарцхьиа Гәдоуҭа ааԥынтәи аусурақәа ирызкны: ауаа ҩ-напык рыла анхара иаҿуп