Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарцхьиа Гәдоуҭа ааԥынтәи аусурақәа ирызкны: ауаа ҩ-напык рыла анхара иаҿуп

Кәарцхьиа Гәдоуҭа ааԥынтәи аусурақәа ирызкны: ауаа ҩ-напык рыла анхара иаҿуп
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҟны адгьыл ақәаарыхразы ааԥынтәи аусурақәа рылагара рыҽшазыҟарҵо, амашьына-трактортә станциа урҭ иахьынӡазыхиоу уҳәа арадио Sputnik аефир аҿы абри атәы еиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа.
Араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, ауаа ҩ-напык рыла иаҿуп анхара.
"Ажь зааӡо 50 десҭын рҟынӡа еилырххьеит, амандарин 212 десҭын ахьыҟоу аусурақәа цоит, аҵәа ахьеиҭаҳау 23 гектар аилыхрагьы, ахәшәтәрагьы аԥхьатәи иалгахьеит", - ҳәа иҳәеит Кәарцхьиа.
Араион аҿы анхацәа адгьылқәа рыцәаӷәара иалагахьеит. Иура Кәарцхьиа иажәақәа рыла, сынтәа 2500 гектар рҟынӡа адгьылқәа аус рыдыруларан иҟоуп. Ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿурԥшуазар, сынтәа 300 гектар еиҳауп
"Иахьазы 50 гектар инареиҳаны ицәаӷәаны ишьҭоуп. Заа изҭахыз рыдгьылқәа дырмазеихьеит. Атехника аганахьала 14 трактор еиқәыршәаны игылоуп. Араион аҿы 20 қыҭа ахьыҟоу уи маҷуп, аха иҟоуп зхатә техника змоугьы, уи цхыраагӡоуп", - еиҭеиҳәеит Кәарцхьиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0