Аԥсны

Апроект "Арт-резиденциа "Гәыма" Аҟәа аусура иалагоит лаҵарамзазы

Апроект ахықәкы - асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, апоетцәа, арежиссиорцәа, афотогрофцәа ҿарацәа рхы аарԥшразы алшара рыҭара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки акультура-усутә платформа "Гәымеи" лаҵрамзазы аусура иаладыргоит апроект "Арт-резиденциа "Гәыма".
Апроект асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, апоетцәа, арежиссиорцәа, афотогрофцәа ҿарацәа алшара рнаҭоит рхы аарԥшраз.
"Гәыма" ахаҭарнак Хьыбла Возԥҳа лажәақәа рыла аусмҩаԥгатәқәа рҳәаа ԥкӡам, ара имҩаԥгахар алшоит ацәыргақәҵақәа, амастер-классқәа, аперформансқәа, акиноқәа дырбара, аконцертқәа рымҩаԥгара.
"Иаҳҭахәуп араионқәа рҟынтәи аҿарацәа аҳҭнықалақь аҟны рхы аадырԥшырц", – ҳәа лҳәеит лара.
Апроект лаҵарамза зегьы имҩаԥыслоит. Азыҳәақәа рыдыркылоит мшаԥы 1 инаркны 15 рҟынӡа. Аиҿкааҩцәа Аҳәынҭспорт ахеилаки "Гәымеи".