Аԥсны

Аиааира ахыҵхырҭаҿы игылоу анацәа: амилаҭтә библиотекаҿы аиԥылара мҩаԥысит

Аиԥылара еиҿыркааит – ажурналист Екатерина Бебиа, абиблиотека апериодикатә ҟәша аиҳабы Мадона Џьопуа, абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа инапхгарала.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥымза 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны зҵеицәа ҭахаз анацәа ирызкыз аиқәшәара мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека апериодикатә ҟәшаҿы.
Аусмҩаԥгатә рызкын - Шьашьулиа Михаил-иԥҳа Хьыбба, Цицина Уанчка-иԥҳа Ҵнариа-Ҭарба, иара убас Ҟабарда-Балкариа иатәу Лера Шеружева-Пежева. Арҭ зыхьӡ нагоу аҳәса, рыхшара Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Дара зегьы аҵарааӡара акыршықәса аџьабаа азызбахьаз, аҿар реиҵааӡара аус аҟны имаҷымкәа аԥхӡы казҭәахьаз ракәын.

"Есымша рыхьӡ ҳәалатәуп ас еиԥш иҟоу ауаа. Аҿар рахь схы рханы исҳәарц исҭаху уи ауп – шәара ишәықәлацәан, 20-21 шықәса рхыҵуан аҷкәынцәа акы иацәымшәаӡакәа, шьала ҳаԥсадгьыл кәабаны ахы иақәиҭызтәыз. Ҳхырхәоит анацәа рҿаԥхьа, урҭ ахааназ иаҳгәалашәалоит, ҿырԥшыгас рфырхаҵара ҳамазаауеит. Урҭ рфырхаҵара аҭаацәа мацара шәакәӡам изтәу, Аԥсны жәлар зегьы иаҳтәуп", - иҳеит аиԥылара аартуа амилаҭтә библиотека анапхгаҩы Борис Ҷолариа.

Анаҩс, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа иазгәалҭеит ахәылԥаз алахьеиқәра шацу – анацәа, зыхшара аибашьраан иҭахаз, рџьабаа рԥымлеит, избанзар ирааӡоз рҵеицәа рыԥсадгьыл азы иҭахеит.
"Хҩык анацәа рҭоурых еиԥшуп, аибашьра иахҟьаны згәы ҵыблаау роуп. Раԥхьа ҳаззааҭгыло Шьашьулиа Михаил-иԥҳа Хьыбба лоуп, изакәытә ҭоурыхузеи абри аԥҳәыс илымоу, шәааи даҳгәалаҳаршәап. Лара Ӷәадатәи абжьаратә школ аҟны дырҵаҩын, афизика-математикатә факультет далгахьан, иреиӷьыз арҵаҩцәа дреиуан. Лара аибашьра амца зхьысыз, зыҩнаҭа қьаԥҭахаз лоуп, зџьабаа зԥымлаз Шьашьулиа рҳәоит рынхара иавсны ианцо", - ҳәа азгәалҭеит Бебиаԥҳа.
Аԥсны
Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Шьала иҩу асаламшәҟәқәа" аӡыргара мҩаԥысит
Аибашьра алагаанӡа лыҷкәын аиҳабы машәырла дҭахеит. Ақырҭқәа Аԥсны ианақәла инханы иҟаз лыҷкәын ус иарҳәеит – "уара узаҵәуп, уашьа дҭахеит, умцан" ҳәа, аха ан урҭ ираҭалкит, лԥа аибашьра ицар зҭахыз днылымкылеит.
"Шәиԥырхагамхан, аԥсадгьыл хьчатәызар, дгылозар мап шәымҳәан. Иразҟызар дысзыхынҳәуеит, иразҟымзар – дхынҳәӡом. Лабра ахақәиҭтәраан абри аҷкәын дҭахеит", - лҳәеит Бебиаԥҳа.
Хара имгакәа лыхшара рҭахара лызхымгакәа, Шьашьулиа Хьыбба лыдунеи лыԥсахит.
Аиԥылараҟны иара убас иалацәажәеит Цицина Ҵнариа-Ҭарбеи Лера Шеружева-Пежевеи Аџьынџьтәылатә еибашьра ирнаҭаз ааха, уи рыԥсҭазаара акырӡа ишанырыз, анаҩс арҭ аҳәса нагақәа ирлахьынҵахаз.