Аԥсны

Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵахоит

Аҟәа ақалақь аҿы ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицуразы Аԥсни Ҟрыми Рминистрцәа реилазаара рыбжьара анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара аатит мшаԥы 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Анапхгарабжьаратә комиссиа аилатәараҿы иӡбан Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵара ҳәа иҳәеит Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.
"Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥаҳҵоит, ҳнаплакҩцәеи ҳареи ҳабжьара аимадарақәа аус рыдааулоит ахәԥса лаҟәхарц азы ишиашоу аалыҵ нарышьҭларц", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы иалацәажәан Керчь аԥсыӡшылеи аԥсыӡхәшеи аҭыжьра аиҿкаара азҵаара. Азауад аԥснытәи аинвистициақәа адыԥхьаланы иргылан.
Мурадов иажәақәа рыла ари атауар даара ирҭаху акоуп, експорттә тауаруп, аха анаплакы аусура изалагом, Ҟрымтәи ацҳа иажәлар ҳәа ашәарҭара иахырҟьаны ари аҭыԥ аҿы уи азы аԥсыӡкра ахьыҟамло азы.
Аԥсны
Аԥсни Ҟрыми аусеицуразы акомиссиа ахәбатәи аилатәара аатит Аҟәа
Акомиссиа аилатәара аихшьаалақәа ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Иара дрылацәажәеит уаанӡатәи аиԥыларақәа раахыс имҩаԥгоу аусеицура еиуеиԥшым аспектқәа.
Уи адагьы Ҟрым аиҳабыра рхада актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ианашьоу амедал "Ҟрым афашистмпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра - 80 шықәса" лнапаҿы илиркит Акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳа.
Мурадов иазгәеиҭеит амузеи ари арыцхә иазкны ауснагӡатәқәа рацәаны ишымҩаԥнагахьоу.