https://sputnik-abkhazia.info/20240409/asni-rymi-eitsyrzeishu-ausut-kheilak-aakhoit-1050714713.html
Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵахоит
Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵахоит
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь аҿы ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицуразы Аԥсни Ҟрыми Рминистрцәа реилазаара рыбжьара анапхгарабжьаратәи акомиссиа... 09.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-09T15:55+0300
2024-04-09T15:55+0300
2024-04-09T16:45+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1b/1040536896_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_ed16bd6cf185d998b08ecdb1c0f012cb.jpg
АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Анапхгарабжьаратә комиссиа аилатәараҿы иӡбан Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵара ҳәа иҳәеит Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов. "Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥаҳҵоит, ҳнаплакҩцәеи ҳареи ҳабжьара аимадарақәа аус рыдааулоит ахәԥса лаҟәхарц азы ишиашоу аалыҵ нарышьҭларц", - ҳәа иҳәеит иара. Иара убасгьы иалацәажәан Керчь аԥсыӡшылеи аԥсыӡхәшеи аҭыжьра аиҿкаара азҵаара. Азауад аԥснытәи аинвистициақәа адыԥхьаланы иргылан. Мурадов иажәақәа рыла ари атауар даара ирҭаху акоуп, експорттә тауаруп, аха анаплакы аусура изалагом, Ҟрымтәи ацҳа иажәлар ҳәа ашәарҭара иахырҟьаны ари аҭыԥ аҿы уи азы аԥсыӡкра ахьыҟамло азы. Акомиссиа аилатәара аихшьаалақәа ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Иара дрылацәажәеит уаанӡатәи аиԥыларақәа раахыс имҩаԥгоу аусеицура еиуеиԥшым аспектқәа. Уи адагьы Ҟрым аиҳабыра рхада актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ианашьоу амедал "Ҟрым афашистмпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра - 80 шықәса" лнапаҿы илиркит Акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳа. Мурадов иазгәеиҭеит амузеи ари арыцхә иазкны ауснагӡатәқәа рацәаны ишымҩаԥнагахьоу.
https://sputnik-abkhazia.info/20240409/asni-rymi-auseitsurazy-akomissia-akhbati-ailatara-aatit-aa--1050710003.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1b/1040536896_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_20080a2b1a819f5eebd1250ae62989d0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵахоит
15:55 09.04.2024 (ирҿыцуп: 16:45 09.04.2024) Аҟәа ақалақь аҿы ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицуразы Аԥсни Ҟрыми Рминистрцәа реилазаара рыбжьара анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара аатит мшаԥы 9 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Анапхгарабжьаратә комиссиа аилатәараҿы иӡбан Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵара ҳәа иҳәеит Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.
"Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥаҳҵоит, ҳнаплакҩцәеи ҳареи ҳабжьара аимадарақәа аус рыдааулоит ахәԥса лаҟәхарц азы ишиашоу аалыҵ нарышьҭларц", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы иалацәажәан Керчь аԥсыӡшылеи аԥсыӡхәшеи аҭыжьра аиҿкаара азҵаара. Азауад аԥснытәи аинвистициақәа адыԥхьаланы иргылан.
Мурадов иажәақәа рыла ари атауар даара ирҭаху акоуп, експорттә тауаруп, аха анаплакы аусура изалагом, Ҟрымтәи ацҳа иажәлар ҳәа ашәарҭара иахырҟьаны ари аҭыԥ аҿы уи азы аԥсыӡкра ахьыҟамло азы.
Акомиссиа аилатәара аихшьаалақәа ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Иара дрылацәажәеит уаанӡатәи аиԥыларақәа раахыс имҩаԥгоу аусеицура еиуеиԥшым аспектқәа.
Уи адагьы Ҟрым аиҳабыра рхада актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ианашьоу амедал "Ҟрым афашистмпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра - 80 шықәса" лнапаҿы илиркит Акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳа.
Мурадов иазгәеиҭеит амузеи ари арыцхә иазкны ауснагӡатәқәа рацәаны ишымҩаԥнагахьоу.