Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Шьҭахьҟа мҩа ыҟаӡам": Украинатәи Рада аҟны иалацәажәеит амобилизациа арӷәӷәара азҵаара

Украинатәи апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит амобилизациазы азакәан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik. Амобилизациа арӷәӷәара азакәан украинатәи ауаажәларреи амчра ахаҭарнакреи еиҟәнашар ҟалоит ҳәа азиԥхьаӡоит Рада адепутат, уажәы аҳәынҭқарра аԥсахаҩ ҳәа ирбаандаҩ Александр Дубински. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"Амобилизациаз азакәан шьҭахьҟа амҩа узымҭо еиҟәшагахоит. Ганкахьала Украина ахада иофис, идгылаҩцәа, адепутатцәа ҟалозар, егьи аганахь ажәлар ракәхоит иҟало", - ҳәа иҩуеит апарламентари Telegram-канал аҿы.
Дубински иазгәеиҭеит, киевтәи арежим иахықәкы хаданы иҟоу ауааԥсыра зегьы Арбџьармчқәа ирылацаланы уи алагьы амчраҿ аӡәгьы дырԥырхагамхо аҟаҵароуп. Дара ҭәы-иԥха ианыҟоу егьырҭ рыԥсы ҭкәкәаа рынхара хьаасгьы ирымам ҳәа ишьоит иара.
Украинатәи апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит амобилизациазы азакәан. Адокумент амобилизациа арӷәӷәара иазырхоуп, уи мап ацәызкуагьы ӷәӷәала иахьдырхәоит.