https://sputnik-abkhazia.info/20240412/shakha-ma-yaam-ukrainati-rada-any-ialatsazheit-amobilizatsia-arara-azaara--1050750661.html
"Шьҭахьҟа мҩа ыҟаӡам": Украинатәи Рада аҟны иалацәажәеит амобилизациа арӷәӷәара азҵаара
"Шьҭахьҟа мҩа ыҟаӡам": Украинатәи Рада аҟны иалацәажәеит амобилизациа арӷәӷәара азҵаара
Sputnik Аҧсны
Украинатәи апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит амобилизациазы азакәан. 12.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-12T19:50+0300
2024-04-12T19:50+0300
2024-04-12T19:50+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102235/01/1022350104_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_b09c1c71348d0c4e8b8fb42b8027f167.jpg
АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik. Амобилизациа арӷәӷәара азакәан украинатәи ауаажәларреи амчра ахаҭарнакреи еиҟәнашар ҟалоит ҳәа азиԥхьаӡоит Рада адепутат, уажәы аҳәынҭқарра аԥсахаҩ ҳәа ирбаандаҩ Александр Дубински. Абри атәы аҩуеит РИА Новости. Дубински иазгәеиҭеит, киевтәи арежим иахықәкы хаданы иҟоу ауааԥсыра зегьы Арбџьармчқәа ирылацаланы уи алагьы амчраҿ аӡәгьы дырԥырхагамхо аҟаҵароуп. Дара ҭәы-иԥха ианыҟоу егьырҭ рыԥсы ҭкәкәаа рынхара хьаасгьы ирымам ҳәа ишьоит иара. Украинатәи апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит амобилизациазы азакәан. Адокумент амобилизациа арӷәӷәара иазырхоуп, уи мап ацәызкуагьы ӷәӷәала иахьдырхәоит.
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102235/01/1022350104_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_dc4c11893d5a57112dd920be90eac8c7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина
"Шьҭахьҟа мҩа ыҟаӡам": Украинатәи Рада аҟны иалацәажәеит амобилизациа арӷәӷәара азҵаара
Украинатәи апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит амобилизациазы азакәан.
АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik. Амобилизациа арӷәӷәара азакәан украинатәи ауаажәларреи амчра ахаҭарнакреи еиҟәнашар ҟалоит ҳәа азиԥхьаӡоит Рада адепутат, уажәы аҳәынҭқарра аԥсахаҩ ҳәа ирбаандаҩ Александр Дубински. Абри атәы аҩуеит
РИА Новости. "Амобилизациаз азакәан шьҭахьҟа амҩа узымҭо еиҟәшагахоит. Ганкахьала Украина ахада иофис, идгылаҩцәа, адепутатцәа ҟалозар, егьи аганахь ажәлар ракәхоит иҟало", - ҳәа иҩуеит апарламентари Telegram-канал аҿы.
Дубински иазгәеиҭеит, киевтәи арежим иахықәкы хаданы иҟоу ауааԥсыра зегьы Арбџьармчқәа ирылацаланы уи алагьы амчраҿ аӡәгьы дырԥырхагамхо аҟаҵароуп. Дара ҭәы-иԥха ианыҟоу егьырҭ рыԥсы ҭкәкәаа рынхара хьаасгьы ирымам ҳәа ишьоит иара.
Украинатәи апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит амобилизациазы азакәан. Адокумент амобилизациа арӷәӷәара иазырхоуп, уи мап ацәызкуагьы ӷәӷәала иахьдырхәоит.