Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аибашьрахь зцара ԥку ҳәа иԥхьаӡо украинаа аиҭакомиссиа иахрыжьуеит

Sputnik
МОСКВА, мшаԥы 15 - РИА Новости. Украина арра-ҳақьымтә комиссиа (ВВК) лаҵарамзазы уаанӡа иԥкны арра инарыԥхьаз ахаҿқәа аиҭакомиссиа иахрыжьуеит аррамаҵзура иахьынӡақәнаго еиҭагәарҭарц ҳәа иҳәеит Украина атәылахьчара аимнистр Иван Гаврилиук.
"Зеленски инапы аҵаиҩит азакәан №10313. Ари азакәан "зылшарақәа ԥку даҵанакуеит" ҳәа аилкаара еиҭанакуеит. Уажәы Адҵа №402 алацәажәара мҩаԥысуеит. Лаҵарамза инаркны уаанӡа иԥкны арра инарыԥхьаз ахаҿқәа аиҭакомиссиа иахрыжьуеит аррамаҵзура иахьынӡақәнаго еиҭагәарҭарц", - иҳәеит Гаврилиук.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Шьҭахьҟа мҩа ыҟаӡам": Украинатәи Рада аҟны иалацәажәеит амобилизациа арӷәӷәара азҵаара
Атәылахьчара аминистрра асаит иазгәанаҭоит уаанӡа "зылшарақәа ԥку даҵанакуеит" ҳәа зызгәаҭаз ахаҿқәа азакәан амчра анаиу инаркны жәымз рыҩнуҵҟа амедкомиссиа иахысыр шакәу – 2025 шықәса жәабран 4 рҟынӡа. Убри аан аусбарҭаҿы иазгәарҭеит азакәан амч анаиу инаркны аиҳабыра аҽа хымз рымоуп аррамаҵзура ахысра ҳәаақәызҵо ачымазарақәа реиқәыԥхьаӡазы анорматив-зинтә актқәа рыдкыларазы.
Украина Арбџьармчқәа рахь ауаа рнаԥхьаразы иҟаз азакәан дырӷәӷәеит. Адокумент хықәкыс иамоуп амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәара, иара убасгьы арра ацара мап ацәызкуа еиҳа имҽыӷны рахьырхәра. Апроект ҿыц аррамаҵзура ахысра зыхәҭоу украинаа 60 мшы рыҩнуҵҟа арратә комиссариатқәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргаларц рыднаҵоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Рада аҟны Украина аррахь амобилизациазы азакәан дырӷәӷәеит
Уи адагьы 18-60 шықәса ирҭоу атәылауаа арра-ҭаҩратә документқәа еснагь ирыцзароуп, иахәҭаны ианыршьо амчра амаҵзуҩцәа иддырбаларц азы. Анаԥхьара анашьҭра ҟалоит арра иргараны ишьоу ауаҩы иелектронтә кабинет ахархәарала.