Аԥсны

Лаҵарамза 1 инаркны Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа автобусқәа рыла аныҟәаразы ахәԥса иацлоит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Лаҵарамза 1 инаркны Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа автобусқәа рыла аныҟәара 15 мааҭ иаԥсахоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба.
Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит абылтәи, ахьшьтәи, егьырҭ амаҭәахәқәеи рыхә ахалара иахҟьаны, иара аекономика аминистрраҟны ишьақәырӷәӷәоуп.
Шәлымба иажәақәа рыла, Аԥсны аиҳабыраҟны иалацәажәоит ақалақь аҩнуҵҟа аус зуа амаршруттә машьынақәа рыла аныҟәара ахәԥса ашьҭхра. Ари азҵааразы аӡбамҭа рыдкылаӡам.