Аԥсны

Абызшәатә политиказы аҳәынҭусбарҭаҟны иӡырыргеит аԥсышәала иҭыжьу хә-шәҟәык

Аҭыжьымҭақәа рзеиԥш тираж - 2500 цыра, раахәара алшоит ашәҟәыҭирҭатә дәқьанқәа рыҟны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсышәала, ахәыҷқәеи адуцәеи рзы ихәарҭахаша хә-ҭыжьымҭак ӡырыргеит абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Ашәҟәқәа руак - "Аԥсуа бызшәа" арҵагашәҟәы. Иара аиҳабыратә классқәеи, астудентцәеи, иара убасгьы дарбанзаалак аԥсуа бызшәа аҵара зҭаху ирзырхоуп. Авторцәа - Альдона Ажьиԥҳа, Диана Шамԥҳа, Адгәыр Шьынқәба.
Аҩбатәи ашәҟәы - "Аԥсуа бызшәала аусеилыргараз ацхыраагӡа", арманшәалараз аԥсуа бызшәалеи аурыс бызшәалеи ишьақәыргылоуп. Ара еизгоуп аҳәынҭусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо адокументқәеи абланкқәеи.
Иара убасгьы икьыԥхьуп Платон Бебиа ахәыҷқәа рзы иажәеинраалақәа реизга "Амра ԥхоит",️ Владимир Аҵнариа ахәыҷқәа ирзикыз иажәеинраалақәа реизга "Сыԥсадгьыл Амра". Ахԥатәи ашәҟәгьы ахәыҷқәа ирызкуп - Ганс Христиан Андерсен илакәқәа (аиҭагаҩ Сергеи Зыхәба).
Ашәҟәқәа иааизыкны 2500 цыра ыҟоуп. Дара аиҳарак Аԥсны араионқәа зегьы рхәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рахь идәықәҵоуп. Иара убас изҭаху иааихәарц илшоит ашәҟәыҭирҭатә дәқьанқәа рыҟны.