https://sputnik-abkhazia.info/20240419/abyzshat-politikazy-aynusbarany-iyrygeit-asyshala-iyzhu-kh-shyk-1050803094.html
Абызшәатә политиказы аҳәынҭусбарҭаҟны иӡырыргеит аԥсышәала иҭыжьу хә-шәҟәык
Абызшәатә политиказы аҳәынҭусбарҭаҟны иӡырыргеит аԥсышәала иҭыжьу хә-шәҟәык
Sputnik Аҧсны
Аҭыжьымҭақәа рзеиԥш тираж - 2500 цыра, раахәара алшоит ашәҟәыҭирҭатә дәқьанқәа рыҟны. 19.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-19T09:00+0300
2024-04-19T09:00+0300
2024-04-19T09:28+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/12/1050800552_0:96:1201:771_1920x0_80_0_0_885db047c9517641a9f4e55c18c0e662.jpg
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсышәала, ахәыҷқәеи адуцәеи рзы ихәарҭахаша хә-ҭыжьымҭак ӡырыргеит абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс". Аҩбатәи ашәҟәы - "Аԥсуа бызшәала аусеилыргараз ацхыраагӡа", арманшәалараз аԥсуа бызшәалеи аурыс бызшәалеи ишьақәыргылоуп. Ара еизгоуп аҳәынҭусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо адокументқәеи абланкқәеи. Иара убасгьы икьыԥхьуп Платон Бебиа ахәыҷқәа рзы иажәеинраалақәа реизга "Амра ԥхоит",️ Владимир Аҵнариа ахәыҷқәа ирзикыз иажәеинраалақәа реизга "Сыԥсадгьыл Амра". Ахԥатәи ашәҟәгьы ахәыҷқәа ирызкуп - Ганс Христиан Андерсен илакәқәа (аиҭагаҩ Сергеи Зыхәба). Ашәҟәқәа иааизыкны 2500 цыра ыҟоуп. Дара аиҳарак Аԥсны араионқәа зегьы рхәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рахь идәықәҵоуп. Иара убас изҭаху иааихәарц илшоит ашәҟәыҭирҭатә дәқьанқәа рыҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/12/1050800552_22:0:1177:866_1920x0_80_0_0_87648672900c7f99e373e94b71d6d365.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Абызшәатә политиказы аҳәынҭусбарҭаҟны иӡырыргеит аԥсышәала иҭыжьу хә-шәҟәык
09:00 19.04.2024 (ирҿыцуп: 09:28 19.04.2024) Аҭыжьымҭақәа рзеиԥш тираж - 2500 цыра, раахәара алшоит ашәҟәыҭирҭатә дәқьанқәа рыҟны.
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсышәала, ахәыҷқәеи адуцәеи рзы ихәарҭахаша хә-ҭыжьымҭак ӡырыргеит абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы ҳәа
аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Ашәҟәқәа руак - "Аԥсуа бызшәа" арҵагашәҟәы. Иара аиҳабыратә классқәеи, астудентцәеи, иара убасгьы дарбанзаалак аԥсуа бызшәа аҵара зҭаху ирзырхоуп. Авторцәа - Альдона Ажьиԥҳа, Диана Шамԥҳа, Адгәыр Шьынқәба.
Аҩбатәи ашәҟәы - "Аԥсуа бызшәала аусеилыргараз ацхыраагӡа", арманшәалараз аԥсуа бызшәалеи аурыс бызшәалеи ишьақәыргылоуп. Ара еизгоуп аҳәынҭусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо адокументқәеи абланкқәеи.
Иара убасгьы икьыԥхьуп Платон Бебиа ахәыҷқәа рзы иажәеинраалақәа реизга "Амра ԥхоит",️ Владимир Аҵнариа ахәыҷқәа ирзикыз иажәеинраалақәа реизга "Сыԥсадгьыл Амра". Ахԥатәи ашәҟәгьы ахәыҷқәа ирызкуп - Ганс Христиан Андерсен илакәқәа (аиҭагаҩ Сергеи Зыхәба).
Ашәҟәқәа иааизыкны 2500 цыра ыҟоуп. Дара аиҳарак Аԥсны араионқәа зегьы рхәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рахь идәықәҵоуп. Иара убас изҭаху иааихәарц илшоит ашәҟәыҭирҭатә дәқьанқәа рыҟны.