Ақалақь аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит, уи адагьы аԥсшьаҩцәа атуристтә ҭыԥқәа рҿы иршәо аҟынтә 50 мааҭ араион абиуџьеҭ иахыԥхьаӡалахоит, иҳәеит Дочиа. Аҟармаратәи амҩа атәы далацәажәо Тҟәарчал араион ахада иҳәеит, акаҭран иадҳәаланы иҟаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны аусурақәа аамҭала иаанкылан иҟаз уажәы ҩаԥхьа ишхацырку.
Исидор Дочиа еиҭеиҳәеит араион аҿы имҩаԥысуа егьырҭ аргыларатә усурақәа ртәы.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.