Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа Тҟәарчал акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара иазкны
Анапаҵаҩра
Иарбан еиҿкааратә усурақәоу имҩаԥысуа Тҟәарчал араион ахаҿра арԥшӡаразы, рышԥаҽазыҟарҵои акурорттә аамҭа, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада Исидор Дочиа.
Ақалақь аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит, уи адагьы аԥсшьаҩцәа атуристтә ҭыԥқәа рҿы иршәо аҟынтә 50 мааҭ араион абиуџьеҭ иахыԥхьаӡалахоит, иҳәеит Дочиа. Аҟармаратәи амҩа атәы далацәажәо Тҟәарчал араион ахада иҳәеит, акаҭран иадҳәаланы иҟаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны аусурақәа аамҭала иаанкылан иҟаз уажәы ҩаԥхьа ишхацырку.
Исидор Дочиа еиҭеиҳәеит араион аҿы имҩаԥысуа егьырҭ аргыларатә усурақәа ртәы.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0