АҞӘА, лаҵара — 12 Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва имҩаԥысуа Амшаԥтәи афестиваль аҟны иқәгылоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акапелла адирижиор, акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба.
"Ҳара иахьа Москваҟа амҩа ҳақәлеит, лаҵара 13, 14, 15 рзы ҳақәгылоит. Ҳапрограмма хада аԥсуа музыкала ишьақәгылоуп — жәлар рашәақәеи ҳкомпозиторцәа раԥҵамҭақәеи рыла. Иара убасгьы, аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа раԥҵамҭақәа ҩба цәыраҳгоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Нодар Ҷанба иажәақәа рыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ари афестиваль изныкымкәан иалахәхахьеит.
XХIII Москватәи амшаԥтәи афестиваль мҩаԥысуеит мшаԥы 25 инаркны лаҵарамза 16 рҟынӡа. Иалахәуп хә-ҳәынҭқарраки 145 инареиҳаны урыстәылатәи ақалақьқәа.