Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷанба Амшаԥы фестиваль Аԥсны акапелла алахәхаразы: даараӡа агәахәара ҳнаҭоит

Ҷанба Амшаԥы фестиваль Аԥсны акапелла алахәхаразы: даараӡа агәахәара ҳнаҭоит
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла Москваҟа ааԥхьара амоуп Амшаԥы фестиваль алахәхаразы. Рықәгылара шеиҿкаахо, иарбан ԥҵамҭақәоу ахәаԥшцәа ирзынарыгӡо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор, Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла алахәхоит мшаԥы 25 инаркны лаҵара 16 нӡа Москва имҩаԥысраны иҟоу ХХIII-тәи Амшаԥы фестиваль.
"Акырҵуеит уи афестиваль ду Гергиев (Валери Гергиев-адирижиор, Урыстәыла Жәлар рартист, Мариинтәи атеатр асахьаркыратә напхгаҩы, аиҳабы –азгәаҭа) ифонд еиҿнакаауа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ахы аланархәеижьҭеи, аха шықәсқәак ҵуеит уахь ааԥхьара ҳарымҭиижьҭеи. Сынтәа ҩаԥхьа ҳалагеит, уи даара ҳгәы иаахәеит. Урыстәылеи Украианеи рыбжьара имҩаԥысуа ахҭысқәа жәдыруеит, сынтәа иаҳа амҽхак маҷны имҩаԥыргоит афестиваль ҳәа азгәаҭан аԥхьа, аха нас хаҭала Гергиев ианиарҳәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллагьы алахәхар ҳҭахуп ҳәа, еиҭа хымш иацырҵеит афестиваль. Даараӡа ҳгәы иаахәеит ус иахьрыдыркылаз. Афестиваль аҩнуҵаҟа х-концертк ҳауеит, уи адагьы асеминар, амастер-класс аҳасабала иҳадигалеит апрофессор Соловиев, уажәааигәа Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ занаршьаз. Ааԥхьара иаҳҭоит Барас Кәыџбагьы, сынтәа Москватәи аконсерваториа иалго, насгьы аскрипкарҳәаҩы Емилиа Ҳагба -Терзиан", - иҳәеит Ҷанба.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла Амшаԥы фестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аконцертқәа ҩба Москва аҩнуҵаҟа иҟалоит, даҽакы Серпуховтәи амузыкатә театр аҟны.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0