Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Аиааира Ду амш, агәаларшәаратә рыцхәқәа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицара

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 6-12 рзы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира Аԥсны ишазгәарҭаз, иарбан рыцхәқәоу ареспубликаҿы иргәаладыршәаз, избан ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҭыԥ заанижьыз уҳәа ажәабжьқәа Sputnik аматериал аҿы.

Аиааира Ду амш

Ииасыз амчыбжь ҭәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амшныҳәа иазкыз аныҳәатәии агәалашәаратәии хҭысқәа рыла. Ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҿы имҩаԥган хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшымыз ауснагӡатәқәа. Аха зегь реиҳа иацклаԥшны аныҳәа мҩаԥган Аҟәа.
Аԥшьаша ашьыжь Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ иҭахаз аибашьцәа-фырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц Идырым асолдаҭ ибаҟахьы инеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аминистрцәа, аруаа, ақалақь ауааԥсыра, ауаажәларра, адинмаҵзуҩцәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны
Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа "Агәалашәара амца" аркын
Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа". Агәалашәаратә уснагӡатә алахәылацәа мҩасит аибашьраан иҭахаз ргәакьацәа рфотосахьақәа рыманы. Акциа мҩаԥысит Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы.
Иара убас 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аибашьра ду алахәыла, аԥырҩы, Аԥсны Афырхаҵа Қьаазым Агрба ибаҟа аадыртит Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы.
Аибашьраан Қьаазым Агрба 120-нтә аӷа дихаԥырхьан, ҩынтә Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵаразы иӡбахә рҳәахьан. Румыниа дҭахеит.
Аԥсны
Аиааира Ду апарад мҩаԥысит Аҟәа
Аиааира Ду 79 шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа имҩаԥысит апарад, уи иалахәын 650-ҩык инареиҳаны.
Аиааира амш азы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан аҽырыҩра мҩаԥыргеит, Гагра араион аҟны машьынала имҩасит.
Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гал, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Аҟәа аныҳәатә концертқәа мҩаԥган аҭыԥантәи акәашацәеи ашәаҳәаҩцәеи алахәны.

Путин иҭоубашьҭаҵара

Урыстәыла ахада Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Кремльтәи Ахан ду аҟны мшаԥы 7 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла ахада имаҵзура дахьахагылаз.
Бжьаниа иҳәеит урыстәылаа ишаадырԥшыз Путин иахь ирымоу агәрагара, атәыла аҟны ааиҭакра ҿыцқәа рзы ргәыӷрақәа шидырҳәало.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит имаҵзура дахьахагылаз
"Иахьа Урыстәыла Афедерациеи уи иаланхо ажәлари рзы иалагоит аԥсҭазаара ҿыц. Аҿиареи аҭышәынтәалареи рганахь ала шәҽазышәара иадгылоит ҳара ҳажәларгьы, уи арҵабыргит Аԥснытәи алхыҩцәа еицҿакны рыбжьа ахьшәырҭаз", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин изеиӷьеишьеит агәабзиара, ачҳара, аиааира ҿыцқәа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵзура аанижьит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имаҵзураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп ҳәа адырра ҟаҵан лаҵара 7 рзы.
"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа рынагӡара идҵоуп аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Вахтанг-иԥа Ҭыжәба", - аҳәоит атәыла ахада инапы зҵаҩу Аусԥҟаҿы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр иакьыԥхьит, Арӡынба даҽа усурҭа ҭыԥкак ахь дахьиасуазы инапынҵақәа нижьит ҳәа зҳәо Инал Арӡынба иҳәамҭа.
"Аус рацәа мҩаԥгоуп. Ԥхьаҟагьы Аԥсны ахьӡала аус дуқәа ҳзыԥшуп. Ԥхьацара шьаҿа-шьаҿала амҩа ҳақәуп", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа.
Инал Арӡынба Аԥсны АдәА рминистрс даҭан абҵарамза 2021 шықәсазы. Иара иаԥхьа адәныҟаполитикатә усбарҭа хадас дыҟан Даур Ақаҩба.
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имаҵзураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра

Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Сазанови Аԥсни Урыстәылеи ҩынтәны ашәахтә ақәлара аҽацәхьакрази ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рҽацәхьакра алмыршарази аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит.
Делба иазгәеиҭеит аганқәа амҩа ду ишанысхьоу, агәрагара ааирԥшит асеиԥш иҟоу аиқшаҳаҭрақәа атәылақәеи урҭ ршәахтә системақәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿ ишцхыраагӡоу.
Алексеи Сазанов иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи шеиҩызцәоу, аҭоурыхтә еимадарақәа ишеидырҳәало.

Амедиеҳәшьа лымш

Адунеи зегь аҟны есышықәса Амедиеҳәшьцәа рымш азгәарҭоит лаҵара 12 рзы.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба амедиеҳәшьцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзгьы ҳмедиеҳәшьцәа имариамыз амҩа ианысит. Ачымазаҩ игәабзиара ашьақәыргылараз 80% рҟынӡа иназыгӡо амедиеҳәшьцәа роуп. Ҳмедиеҳәшьцәа хамеигӡарада рус гәцаракрыла иазнеит акоронавирустә ҽкчымазара COVID-19 апандемиа аамҭазы", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Агәабзиарахьчара аминистр иазгәеиҭеит, амедиеҳәшьцәа аӡәырҩы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иуадаҩыз аҭагылазаашьа аҟны аибашьцәа ацхыраара ду шрырҭоз.

Ахатәгәаԥхаҩы имш

Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш азгәарҭеит Аҟәа, лаҵара 6 рзы. Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭаҵан, имҩаԥган амитинг. Ауснагӡатә аҟны Ахатәгәаԥхаҩцәа рдырга ҷыда ранашьан 41-ы аибашьцәеи жәҩык аволонтиорцәеи.
Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аԥырҩы-алеитенант Николаи Гаидеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Иури Гальченкои рбаҟа аартын Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Николаи Гаида 1944 шықәсазы дҭахоит, ихыҵуан 21 шықәса.
Донецкнтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Иури Гальченко ихыҵуан 29 шықәса.

Дамаск имҩаԥысит "Ааԥынтәи акарнавал"

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа Пакистан ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵаз ааԥхьарала Дамаск имҩаԥысуаз "Ааԥынтәи акарнавал" иалахәын. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али.
Лаҵара 10-11 рзы имуаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа хықәкыс ирыман, акарнавал иалахәыз атәылақәа рҭоурыхи ркультуреи аҭааҩцәа дырдырра. Уи иалахәуп аккредититациа змаз адипмиссиақәеи шьамтәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи.
Ачерқьесқәа ргәыҳалалратә ассоциациеи ацҳаражәҳәарҭеи еицеиҿыркааит акультуратә программа, кавказтәи афольклортә ансамбль артистцәа акәашарақәа нарыгӡеит.
Аԥсуа павильон сасцәаны иаҭааит Пакистан, Венесуела, Индонезиа рыцҳаражәҳәаҩцәеи Алада-Африкатәи ареспублика аусқәа рзы агәрагеи.

Атәылахьчара аминистрра раԥхьатәи ахада

Аԥсны раԥхьатәи Атәылахьчара аминистр Владимир Аршба диижьҭеи 65 шықәса аҵра иазкыз агәаларшәаратә хәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы лаҵара 8 рзы.
Аԥсны
Аԥсны Афырхаҵа Владимир Аршба диижьҭеи 65 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҟәа
Аԥсуа ар реиҿкаараҿы Аршба илагала, 1992-1993шш. раантәи аибашьраҿ аиааира агареи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы аҳәынҭқарра ашьапы ақәгылареи рҿы илагала ду иалацәажәеит Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьбеи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи. Ауснагӡатә хыркәшан Атәылахьчара аминистрра аоркестр злахәыз аконцерт ала.
Владимир Аршба - Аԥсны Афырхаҵа, ауаажәларратәи арратәи аусзуҩ, аԥсуа ар аԥҵаҩцәа ируаӡәку иԥсҭазаара далҵит 2018 шықәса ажьырныҳәа 16 рзы. Иара ихьӡ ахуп Аҟәа амҩадуқәа руак.

Гиви Смыр игәалашәаразы

Афонҿыцтәи аҳаԥы аартҩы, асахьаҭыхҩы, аскульптор Гиви Смыр иирамш аҳаҭыр азы аџьармыкьа-фестиваль аатит Афон ҿыц ақалақь аҟны лаҵара 9 рзы.
Аекспозициаҿы раԥхьаӡа акәны ицәырган Гиви Смыр иусумҭақәа 50 рхаҭақәа.
Аџьармыкьа рхы аладырхәит 90-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи анапҟазаҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, ааглыхыҩцәа.
Иара убри амш азы иӡырган архитектор Кама Кациаԥҳа аус здылуылаз Гиви Смыр ихьӡ зху акультуратә центр апроект.
Гиви Смыр диит лаҵара 9 1945 шықәса рзы Афон ҿыц ақалақь аҿы. 1961 шықәса рзы, 16 шықәса данырҭагылаз иара ихала "Аҵа змам атыша" ҳәа изышьҭаз акылҳара ду дҭаланы шахала длыбааит. Убас иаартын адунеи аҟны реиҳа идуу аҳаԥқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аанызкыло Афонҿыцтәи аҳаԥы.
Гиви Смыр иԥсҭазаара далҵит абҵара 18 2016 шықәсазы.

Абокс азы атурнир

Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, СССР аспорт азҟаза, Леон иорден занашьоу Роман Чыргба игәаларшәара иазку абокс азы жәларбжьаратәи аицлабра аатит Гәдоуҭа лаҵара 11 рзы.
Аицлабра иалахәуп 15 команда. Быжь-командак Аԥсны араионқәа рҟынтәи, аа-командак ааит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи ДЖәР, Ҟарачы-Черқьесск, Ҟәыбан, Тыва, Кемеровтәи аобласт уҳәа рҟынтәи.
Лаҵара 13-нӡа имҩаԥысуа аицлабракәа рхы рыладырхәоит 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Абаксиорцәа рықәгыларақәа ахәшьара рырҭоит урыстәылантәи иааз аӡбаҩцәа.
Роман Чыргба 54 шықәса дшырҭагылаз 2013 шықәсазы дшьын Лыхны, иҩны аизааигәара. Иара далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра, ианашьоуп Леон иорден.