Нестор иеиԥш зыԥсадгьыл азы зхы зымшаҭоз: Сариа Лакәаба лгәалашәаразы
Иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩ, ареволиуционер, аԥсуа жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ, Аԥснытәи ареспублика 1922-1936 шықәсқәа рзы напхгара азҭоз Нестор Лакәаба иарӷьажәҩаны ивагылаз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакәаба лаҵара 16 1939 шықәсазы дыргәаҟны дыршьит.
SputnikСариа Лакәаба – аԥсра алакҭа дышҭаԥшуазгьы зыԥшәма дзымҭииз, уи дыззықәԥоз аус лыԥсы аалхыҵаанӡа иадгылаз, асовет ҳәынҭқарратә усзуҩцәа абаҟа лзыргылатәуп ҳәа зыӡбахә рҳәоз фырԥҳәысуп.
Германиа адгылара знаҭоз аменьшевикцәа Аԥсны ианахаԥаз аамҭазы акәын. Усҟан ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаан Нестор Лакәаба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахадараҿы дгылеит, еиҿикааит "Кьараз".
Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргылара ус мариамызт. Ари хаҳәырҵәиа иаҿагылон ақырҭуа меньшевикцәа. 1920 шықәсазы Нестор Лакәаба Баҭым иҽиҵәахыр акәхеит, аамҭақәак рзы уа еиҿкааз ареволиуциатә комитет напхгаҩыс дыҟан. Убраҟоуп иахьеибадырыз Нестори Сариеи.
Сариа аҭаацәара бзиа ирылҵыз лакәын, баҭымтәын. Лаб, Аҳмед-Мамед Џьихоӷлы, акрызкыз малуаҩын, ачаӡырҭақәеи адәқьанқәеи зкыз уаҩын. Лан Мелек Патландзиаԥҳа д-Очамчыратәын.
Нестори лашьа Алии еиҩызцәан, дара рыҩнаҿы акәзаап иара аменьшевикцәа рҽахьырцәиҵәахуаз.
"Усҟан Сариеи иареи бзиа еибабеит. Лара жәохә шықәса лхыҵуан Нестор даниццоз", - ҳәа азгәалҭоит Сариа Лакәаба лашьа Емды иԥҳәыс, хәызмаӡам адыррақәа, агәалашәарақәа ҳзынзыжьыз Адиле Аббасоӷлы лышәҟәы "Хашҭшьа сымам" аҟны.
Зеижә шықәса зхыҵуаз Нестори Сариеи бналаны Аԥсныҟа иааит. Лара усҟан ашколгьы далымгацызт, аха Нестор арҵаҩцәа аҩныҟа иааԥхьаны лҵара далгартә иҟаиҵеит. Дара даара еинаалаз аҭаацәа аԥырҵеит, дрыхшеит аԥа Рауф. Сариа Нестор иҩызара зықәнагоз лакәны дҟалеит.
Инхон Аҟәа ақалақь Лорис-Меликовскаиа (иахьа иара Лакәаба ихаҭа ихьӡ зху) амҩаду аҿы анџьныр Иван Бегич 1909 ш. абырзен малуаҩ Онуфри Иван-иԥа Бостанджогло изы иргылаз аҩнаҿы.
Аҭуџьар Бостанджогло 1917 шықәса рзы ари аҩны иааирхәеит Гулианц ҳәа Ҭырқәтәылантәи иахыҵыз ерманык. Иара убри аамҭазы Гулианцраа иаархәеит Бостанджогло иҩны иавагылаз даҽа ҩныкгьы. XX ашәышықәса алагамҭаз араҟакәын иахьыҟаз ақалақь аҟны еицырдыруаз Френкель иаԥҭека.
Ақалақьуаа ирҳәон аҩнқәа рыҩбагь Нестор Лакоба ирҭоит ҳәа, аха Нестор игәыҭбаара ааирԥшит. Иара дақәшаҳаҭхеит аҩнқәа руак аанкылара, аха иара убри аан егьи – аԥшәмацәа Гулианцраа ирзынхозар.
Нестори Сариеи рыҩны - насыԥ змаз ҩнын. Араҟа иара убас инхон Сариа лаҳәшьа Назиа, лашьа Мусто, лааӡамҭацәа ҩыџьа Лизеи Марусиеи.
Адиле Аббасоӷлы аҩны егьи ахәҭаҟны дынхон. Аҩнаҟны абиблиотека ду ыҟан. Нестори Рауфи ирыман рхатә библиотекақәа. Рауф афранцыз бызшәа иҵон. Иара ишәҟәқәа рыгәҭа иҟан Лавренти Бериа ҳамҭан ииҭаз, Жиуль Верн иҩымҭақәа рколлекциа, аоригинал абызшәала.
Аббасоӷлы Лакәараа руадақәа реиҿартәышьа абас далацәажәоит:
"Акрыфарҭа агәҭаны игылан еихых-еиҵых аишәа ду, аҭӡамц ааигәара – абуфеҭ, егьи аганахь ала — адивани ҟәардәқәаки. Аганахьшәа апатефон зықәгылаз астол. Ауаџьаҟ аҿаԥхьа Нестор атәара бзиа ибон. Асасааирҭа ҩнымаҭәа татала ирхиан. Агәҭа игылан Рауф дахьыхәмаруаз ароиаль", - ҳәа лыҩуеит лара.
Нестори Сариеи рыҩнашәқәа еснагь иаартын асасцәа рзы. Арахь иааиуаз рацәаҩын. Урҭ зегьы ирзыӡырыҩуан, ирыцхраауан.
Сариа лхаҭа лакәзар, аҵара бзиа лыман, акыр ашәҟәқәа дрыԥхьахьан. Лҿабызшәа хаан. Ирҳәоит Сталин ихаҭа аӡәы дидикыломызт ҳәа. Иара иҟынтәи ҳамҭас илоухьан апатефон, иара убасгьы автомашьына, иԥшәма лҟынтәи акәзар – аҭыԥҳацәа иныҟәырго атапанча.
Абас, насыԥ рыманы инхон 1936 шықәсанӡа. Урҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны Нестор Лакоба иԥсҭазаара зегьы зызкыз Аԥсны аизҳазыӷьра акәын. Иара дыззықәԥоз ақырҭуа меньшевикцәа Аԥсны ралцара, урҭ имҩаԥыргоз аполитика аҿагылара, Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәыргылара, уи акультуреи аҭҵаарадырреи рырҿиара аус аҟны ԥсахрада деилкаауа дивагылан, дахьцозаалак еснагь дицын Сариагьы.
Нестор ишьра шықәсык шагыз Сталин идигалеит Аԥсны имаҵура ааныжьны Москва аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы жәлар ркомиссарс диасырц, аха Нестор уи мап ацәикит. Иара еиликаауан уи зыҟарҵо Аԥсны иахылаԥшра дырԥсыҽырц, нас Бериа ихәымгарақәа мҽхакы ҭбаала дрылагарц азы шакәу. Убри ашьҭахь ауп, 1936 шықәса ԥхынҷкәын 28 рзы Нестор Лакәаба Қарҭ асасааирҭаҿы иаалырҟьаны идунеи аниԥсах.
Иара усҟан Қарҭҟа иаалырҟьаны иԥхьеит. Сариа диццар шылҭахызгьы, димгеит. Имашьынарныҟәцаҩ заҵәык иоуп иццаз. Ауха ҵхыбжьон рыҩны аҭел абжьы геит, аԥсӡыбааԥсгьы аанагеит Нестор дыԥсит ҳәа.
Абар уи Адиле Аббасоӷлы лышәҟәаҟны ишылыҩуа:
"Сариа дааԥшит. Ддәылҵны Назиа длазҵаауа далагеит "аҭел иасуадаз" ҳәа. Назиа "Қарҭ аӡә дыԥсит, аха ихьӡ сзеилымкааит" лҳәеит. Сариа абарҵахь даннеи, ашҭаҟны ауаа днарылаԥшит. В. Лакәаба, В. Амԥар, К. Семерџьиев уҳәа рыхқәа рыкәаҽ еилагылан. Сариа данырба, инеиҵақьызқьызит. Ларгьы иҟаз еилкааны арҵәаа ааҭлыргеит…" – лҳәоит Адиле.
Аҵарауаа аӡәырҩы изларԥхьаӡо ала, Лавренти Бериеи иареи реимак ашьҭахь Нестор Лакәаба ашҳам иҭан дшьын Бериа иҩны уаххьафараан.
"Нестор Лакәаба иҭархара иамоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа, аха сара агәра ганы сыҟоуп уи Бериа инапала дышҭырхаз ҳәа. Бериа иан мчыла Нестор аҩныҟа даалыԥхьоит, бзиа иубо аԥсыӡ сӡуеит ҳәа, ачеиџьыка еилаганы, ашҳам иҿалҵоит. Иазгәаҭатәуп, уи амш шьаарҵәыра атәы лныруазшәа, Нестор иарӷьажәҩа Сариа Лакәаба лыԥшәма дицны дцарц лҭахын, аха иара имуит, хьчаҩыс бышьҭысхуашәа, ажәлар иахьырбо сланырҟәуеит ҳәа, ихала амҩа дықәлеит. Абасала, ажәлар рыгәрагаҩы иԥсҭазаара ҿахырҵәеит", - ҳәа азгәалҭоит Альдона Салаҟаиа.
Нестор иҭархара атәы заҳаз ажәлар хыҵны, иԥсыбаҩ аазгоз адәыӷба иаԥыларц зықьҩыла згәы иалсыз ауаа еизеит Кьалашәыр адәыӷба аанҿасырҭаҿы. Ажәлар разықәԥаҩ дызҭахыз, имҩаԥигоз аполитика иадгылоз рацәаӡан.
Нестор иԥсыбаҩ анаарга, иԥшәмаԥҳәыс Сариа маӡала аҳақьым диԥхьеит. Аԥсы данԥырҟа, ирбарҭахеит ашҳам – ациантә кали шилаз. Насшәа еилкаахеит уи ахьынтәаанагазгьы. Иара имашьынарныҟәцаҩ еиҭеиҳәеит Лавренти Бериа иҩнаҟынтәи Нестор данигоз, "сыршьит" ҳәа ажәазаҵәык шиҳәаз.
Аамҭақәак рышьҭахь Лакәаба "ажәлар раӷа" ҳәа ахьӡ ихырҵеит. Иара иҭаацәа, иҩызцәа арепрессиақәа ирықәдыршәеит. 1937 шықәса нанҳәамзазы дҭаркит иара иԥшәмаԥҳәыс Сариа. Абахҭаҿы лара акыр ддыргәаҟит, аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит. НКВД аусзуҩцәа гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан, аха лара акы дацәымшәакәа, аԥсра ала дышҭаԥшуазгьы уи мап ацәылкуан. Лара лхаҵа ихьӡ "зҟьашьуаз" шәҟәык лнапы анылымҵеит, лыла ишабоз лԥа дышдыргәаҟуазгьы.
Сариа Лакәаба 35 шықәса роуп инылҵыз. Лара лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы Қарҭ Орточалтәи абахҭа ахәшәтәырҭаҿы дахьдыргәаҟуази насгьы илыхьыз ашыӡи ирыхҟьаны.
"Нестори Сариеи рыпату еиқәҵашьа, лара шаҟа иара изы лхы лымшаҭоз уаршанхартә иҟоуп. Асовет мчра аамҭаз ирацәаҩуп Сталини Бериеи ранапала гәаҟрыла зыԥсҭазаарақәа ҿахҵәаз, иахьабалак аҭагылазаашьа цәгьан, аха Сариа леиԥш агәымшәара злаз дузыԥшаарым. Лхәыҷы лҿаԥхьа дыршьуан, лашьцәа… аха Нестор ипату џьара иаахылымҵәеит. Иара иԥсадгьыл дшазықәԥоз еиԥш ларгьы дықәԥон, лыԥсы ҭыҵаанӡа убри акәын дзызхәыцуазгьы. Лыԥсы анҭыҵуазгьы, Нестор ажәлар дышраӷоу азы ашәҟәы лнапы аҵалҩыртә инаргеит, аха акгьы ҟалымҵеит. Нестор иеиԥш ацқьареи, зыԥсадгьыл азы зхы зымшаҭоз лакәын ларгьы. Аҭоурых аҿы дыҟам лара илеиԥшу аԥҳәыс, зхы-зыԥсы иамеигӡоз, зхаҵа ихьыӡ ҭызгоз - уи имариаӡам аԥсҭазараҿы", - ҳәа еиҭалҳәон Нестор Лакәаба имузеи аиҳабы Лиудмила Малиаԥҳа.
1937 шықәса жьҭаара 31 рзы дҭаркит 15 шықәса ирҭагылаз Нестори Сариеи рԥа Рауф. Иара ԥшьышықәса инарзынаԥшуа Аҟәа, Қарҭ, Москва абахҭақәа рҿы дҭакын. Иара ицҭакын "Аԥсуа рԥарцәа рус" иаҵанакыз Николаи Лакәаба, Ҭенгиз Лакәаба, Николаи Иналиԥа. 13-15 шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәа аконтрреволиуциатә террористтә ус рнапы алакын ҳәа ахара рыдҵан ашьра рықәҵан. Ԥхынгәы 28, 1941 шықәсазы Рауф, Николаи, Ҭенгьиз рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәан Бутыртәи абахҭаҿы.
Сариа ԥсышьацәгьа анлырҭаз ашьҭахь акыршықәсқәа шҵхьазгьы, Сталин иԥсы ахьынӡаҭаз Аԥсны иҟан ахҭысқәа Сариа Лакәаба лзы ашәы ршәын ҳәа ахара рыдҵаны ианбжьадырӡуаз. Убас, 1951 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан инхоз, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз, шьҭрала иаҭырқәаз, аха аԥсуара злысхьаз Ҳақы Заде иԥшәмаԥҳәыс Лиуба Џьынџьалԥҳаи фҩык рыхшареи нарыдкыланы Ҟазахсҭанҟа иахыргеит. Убри аҩыза ахыԥша рыман Нестор Лакәаба иҭаацәара.
"Сариа доуҳамч дук змаз ԥҳәызбан, ахаҵамԥхәысра ахаҿра змаз, агәаӷьра ду змаз. Уи дҿарԥшыган даанхоит аԥсуа ҭоурых аҿы, иага аполитикатә система ақәыӷәӷәара аманы иҟазаргьы, Нестор Лакәаба имҩаԥигоз аполитика, Аԥсны аиашара, Аԥсны жәлар рхақәиҭра, ркультура ахьчара, абри зегьы аарԥшра лыллыршеит", - ҳәа иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа.
Иара ишиҳәаз ала, ари аҭаацәара зегьы рзы иҿырԥштәыганы иҟазароуп, избанзар Нестор Лакәаба, Сариеи рҭоурых акәамаҵамарақәа зегьы бзианы иузымдыруазар, аҳәынҭқарра аргыларагьы цәгьоуп, абзиабарагьы цәгьоуп, абызшәагьы аҭоурыхгьы рныҟәгара цәгьоуп
Сариа Лакәаба аԥсра ԥеиԥшс ишлоуаз шылдыруазгьы, лыҷкәын дахьдырҳәацәоз лгәы шыҿнакаауазгьы, лара лыԥшәма, жәлар рԥыза Нестор ажәлар драӷоуп ҳәа Бериараа илдырҳәарц ирҭахыз дақәшаҳаҭымхеит. Уи алагьы Сариа ҳтәыла аинтересқәа лымҭиит. Аӡәырҩы ирҳәахьеит Сариа дшаԥсоу лыхьӡала абаҟа ргылазарц, аиашара, аӷәӷәареи, абзиабареи ирсимволны. Мышкы зны уи ҳажәлар рыла иабашт ҳәа агәыӷра рымоуп.