https://sputnik-abkhazia.info/20240501/asny-zkhy-akhnyzaz-nestor-lakoba-igalasharazy-1050936526.html
Аԥсны зхы ахҭнызҵаз: Нестор Лакәаба игәалашәаразы
Аԥсны зхы ахҭнызҵаз: Нестор Лакәаба игәалашәаразы
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа политикатә усзуҩ, ареволиуционер, ажәлар рхақәиҭраз ақәԥаҩ Нестор Лакәаба диит 1893 шықәса лаҵара 1 азы. 01.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-01T15:40+0300
2024-05-01T15:40+0300
2024-05-01T16:12+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/1c/1043364183_0:0:1024:576_1920x0_80_0_0_c254189bf1b74db41a72564330846275.jpg
Аԥсуа нхаҩы иҭаацәара иалҵыз Нестор Лакәаба револиуционерси итәыла аинтересқәа рыхьчаҩыси дшыҟалаз, Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш азы асистема дшаҿагылози, дызҭиизи дзырҭиизи, Лакәаба иԥсҭазаара гәымбылџьбарала ишҿахҵәази атәы Sputnik аматериал аҿы.Ихәыҷреи иқәыԥшреиНестор Аполлон-иԥа Лакәаба диит 1893 шықәса лаҵара 1 азы Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Иара иира мызқәак шагыз иаб дыршьит. Ԥхьаҟа Аԥсны иахадахараны иҟаз Нестор иабԥса Гьаргь Цәеиба иҩнаҭаҿы изҳауан. Иан лганахь ала ҩыџьа аишьцәа иман.Ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиԥҳа лышәҟәы "Харада ахара зхаратәыз" аҟны илыҩуеит аҭаацәа реиҳабы Гьаргь Цәеибеи Шьахәсна Џьергьениаԥҳаи ишырааӡаз рыҷкәынцәа аԥсуа ҟазшьақәа рыманы, аџьа абзиабара, аламыс, апату шрыларааӡаз. Аҭаацәара ибзианы еилыркаауан аҵара аҵак ду, убри азы рыхшара ари аус аҿы адгылара шрырҭоз.1905 шықәсазы ақыҭатә школ даналга ашьҭахь, Нестор Лакәаба анхацәа рхәыҷқәа рзы аҳәынҭқар ирежим акыр аԥынгылақәа шаԥырҵозгьы Қарҭтәи адоуҳатә ҵараиурҭагьы дҭалеит. Аҵара иҵон Кавказ ақьырсианцәа рыбжьара аҵарадырра аларҵәаразы агәыҳалалратә еиҿкаара ахарџь ала.Нестор Лакәаба дышқәыԥшӡаз атәылаҿ имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә еиҭакрақәа дрылахәхеит: 1905-1907 шықәсқәа раантәи ахҭысқәа, февральтәи ареволиуциа, 1917 шықәсазтәи октиабртәи аҳәынҭқарреиҭакра.Ареволиуциеи Сталин илоиалреиГерманиа адгылара знаҭоз аменшевикцәа Аԥсны ианахаԥазтәи ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаан Нестор Лакәаба аԥсуа жәлар римлаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахадараҿы дгылеит, еиҿикааит "Кьараз".Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргылара ус мариамызт. Ари хаҳәырҵәиа иаҿагылон ақырҭуа меншевикцәа.1920 шықәсазы Нестор Лакәаба Баҭым еиҿкааз ареволиуциатә комитет напхгаҩыс дыҟан. Араҟа ауп иахьеибадырыз иарӷьажәҩахаз, иԥшәма ԥҳәыс Сариа Џьихоӷлыи иареи."Усҟан Сариеи иареи (Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс – азгә.) бзиа еибабеит. Лара жәохә шықәса лхыҵуан Нестор даниццоз", - ҳәа азгәалҭоит Адиле Аббас-оӷлы лышәҟәы "Хашҭшьа сымам" аҟны.Аԥсны Асовет мчра аиааира анага ашьҭахь Нестор Лакәаба илшамҭақәа ахәшьара ҳарак арҭеит асовет напхгара. Ианашьан Абираҟ ҟаԥшь аорден.Жәабран 17 1922 шықәсазы Аԥсны ареволиуциатә комитет азинмчқәа шьҭанаҵеит. Аԥсны Ахеилакқәа актәи реизараҟны иаԥҵан Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада.Иара абри аизараҿы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс далхын Нестор Лакәаба. Иара убри аамҭаз ареспублика ириеҳаӡоу аекономикатә усбарҭа – Аекономикатә хеилак анапхгарагьы инапы ианҵан. Аҭоурыхтә ҭҵаарадырраҿы инарҭбааны иалацәажәоуп Сталин Нестор Лакәаба иахь имаз азыҟазаашьа бзиа атәы.Аҵарауаҩ игәаанагарала, Сталин Лакәаба иахь иааирԥшуаз азыҟазаашьа бзиа ҵаҵӷәыс иамазгьы абри ауп. Абри ауп Нестор дизааигәатәуа зегьы ираҳартә аиԥш изиеиҳәаз "Сара - Коба, уара - Лакәаба" ҳәа.Аҭоурыхдырыҩ иазгәеиҭоит ари алаф Лакәаба Кремльтәи ашәқәа изаанартит ҳәа.Асовет напхгара Лакәаба иахь иаадырԥшуаз аҟәандаратә ҟазшьа атәы унарбоит Серго Орџьоникиӡе иажәақәа: "Сталини сареи Аԥсны ҳаҟазаараан аҩыза Лакәаба аӡәы диеиԥшымкәа агәахәара ду ҳазцәыригеит" ҳәа.Асоциализм ахь амҩаҿы Асоветтә Аԥсны ақәҿиарақәа азгәарҭон урыстәылатәи аҵарауаагьы, хаҭала академик Николаи Вавилов."Аԥсны анапхгара, ҳаҭыр зқәу Нестор Аполлон-иԥа Лакәаба инапхгара шьахә ала аҭҵаарадырра азхьаԥшра ду арҭоит, ишалшо ала аидгылатә ҭҵаарадырратә институтқәеи аҭыԥ аҿтәи астанциақәеи ари аус иадрыԥхьалоит", - ҳәа иҩуан иара.Убри аан Лакәабеи атәыла анапхгареи реизыҟазаашьа шәшьы ахымкәа иҟамызт. Станислав Лакәаба иҩуеит Нестор аҭыԥантәи апроблемақәа рыӡбраан атәыла аҷыдарақәа дышрызхьаԥшуаз."Иара иаартны иҳәон "Акалхозқәа қәыӷәӷәара рҭахӡам" ҳәа. Нестор игәаанагарала Аԥсны аколлективизациа иахыццактәӡам, избанзар "акәлак дыҟаӡам, ус анакәха класск аҳасаб ала акәлак иқәхрагьы ҵаҵӷәыдароуп" ҳәа", - иҩуеит аҭоурыхдырыҩ.Ари аҩыза аполитика Сталин иеиҭакратә политика иаҿагылон, убри азы аҭагылазаашьа рхы иархәаны ареспубликатә партеиҿкаара Нестор иҿагыланы иқәгылеит.Аха зегьы ргәы ишаанагоз акәымкәа Сталини Орџьоникиӡеии Нестор идгылеит. Сталин жьҭаара 19 1929 шықәсазы Аԥснытә аобком ахара адиҵеит "аԥсуа ԥсҭазаара аҷыдарақәа азгәамҭакәа асоциалисттә ргылара аус аҟны урыстәылатәи аҿырԥштәы ииажәгоит" ҳәа.Асистема аҿагылараНестор Лакәаба иаӷа хаданы дыҟан НКВД аиҳабы Лавренти Бериа, уи аԥсуа политик, Сталин ихаҭа пату зқәиҵоз, дицәымӷын.Лавренти Бериа ихықәкын Нестор Лакәаба Москваҟа усура ииагара, Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакны аҟаҵара, ари адгьылҵакыраҿы ақырҭцәа рнырхара. Сталин иакәзаргьы изныкымкәа Лакәаба идигалахьан Асовет Еидгыла аҳҭнықалақь аҿы аусура далагарц, аха Аԥсны ахада уи мап ацәикуан.1936 шықәса нанҳәамза азбжараз Нестор Лакәаба аҽазныкгьы идыргалеит Москваҟа диасырц. Лакәаба аҽазныкгьы уи мап ацәикит.Аҭоурыхдырыҩ Станислав Лакәаба истатиақәа руак аҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Сталинаи Бериеи Лакәаба иҿагыланы рықәгылара аԥхьатәи актны ишыҟалаз 1936 шықәса нанҳәа 17 азы СССР ЦИК ақәҵара "Анхамҩатә ҭыԥқәа рыхьӡқәа ииашаны ранҵаразы". Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны аҳҭнықалақь иахьыӡҵан Сухуми."Сталин ашьшьыҳәа Нестор еиҳа иахьихьуаз аҭыԥ ахәра аџьыкхыш аҿеиԥсон. Нестор илахьынҵагьы ӡбан. Ус шакәызгьы авожд макьана Нестор зынӡа мап ицәимкыцызт, аха иҵахәмарра далагахьан. 1936 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Кобеи Нестори аҵыхәтәантәи реиԥылараан Лавренти ицәгьақәак иҳәон, Несторгьы гәыӷрақәак дрыхьирԥшуан ", - иҩуеит аҵарауаҩ.Лакәаба ишьраМосква Нестори иԥшәмаԥҳәыс Сариеи асасааирҭа "Метрополь" аҿы иаангылеит. Абҵара 25 инаркны ԥхынҷкәын 5 рҟынӡа Москва имҩаԥысуан Аидгылазегьтәи Асоветқәа VIII реизара ду. Аизара ду аҟны ирыдыркылеит СССР Аконституциа ҿыц. Аусура ашьҭахь, хәылбыҽхала Сталин Нестор амашьына ишьҭаҵаны инеишьҭуан. Аизара ду ашьҭахьгьы Нестор аамҭақәак Москва даанхеит.Убри аан Бериа Нестор Аԥсны иҟамзаара ихы иархәаны иусқәа еиҵеиҟәаҟәон."Ҳаҭыр зқәу Нестор! Мызкы ирықәуп амра ҳамбеижьҭеи, ақәақәа леиуеит, аха Аԥсны шымратәылоу иаанханы иҟоуп… Ибзианы издыруеит иарбан усқәоу шәаанызкыло, урҭ ареспубликаз ирымоу аҵакы, аха араҟа зегь маншәалоуп ҳәа узҳәо иҟма", - ҳәа абри ааамҭақәа рзы Нестор Лакәаба изиҩуеит Анатоли Аҩардан.1935-1936 шықәсқәа рзы Лакәаба Сталин иҿаԥхьа зҵаараны иқәиргылон Аԥснытәи АССР Қырҭтәылатәи ССР иалганы РСФСР иалеиҵарц. Авожд ари даарак гәаԥхара инаҭомызт."Адиле Шахбас-иԥҳа Аббас-оӷлы лажәақәа рыла Нестор Москваҟа ицара аламҭалазы Бериа дсасны дшиҭаз аҟәатәи инхарҭаҿы. Урҭ акраамҭа рыбжьы рдуны ак шеимаркуаз, анаҩс Лакәаба ишиҳәаз "Бериа иаҳа иаҳа ихы агәра иго далагеит" ҳәа" - иҩуеит Станислав Лакәаба.Москвантәи Нестор иаара ашьҭахь мышқәак рыҩнуҵҟа Бериа Қарҭ имҩаԥысуаз апартактив ахь днеиԥхьеит. Ԥхынҷкәын 26 1936 шықәсазы Лакәаба Қарҭҟа амҩа дықәлеит. Уа асасааирҭа "Ориант" аҟны даангылеит."Ашьыжь иара Бериа иҿы дыҟан. Акыргьы еиқәырҳәацәеит, Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла араионқәа рҟынтә ақырҭцәа Аԥсны рнырхара аплан иахырҟьаны. Лакәаба уи алацәажәара зынӡаскгьы иҭахымызт. Асасааирҭаҿы, уи аҽны ахәылбыҽха Бериа иан - Марҭа Виссарион-иԥҳа аҭел дизасит. "Нестор, - лҳәеит лара, - издыруеит акалмаҳа ӡны бзиа ишубо. Суҳәоит, уааи уаххьафара", - ҳәа иҩуеит С. Лакоба истатиаҿы.Бериа иҩны, уаххьафараан ҵәыцақәак аҩгьы ржәит Нестори иареи. Асааҭ ааба рзы Бериа аспектакль ҿыц ҳахәаԥшып иҳәеит. Ицеит, аха актәи акт ашьҭахь Нестор асасааирҭахь дцеит, игәы еилахынҳәны."Ориант" аҟны днаӡаанӡа Нестор диԥылеит Аԥсны ахаҭарнакс Қырҭтәыла иҟаз А. Енгелов. Асасааирҭаҿы Нестор еиҳагьы деицәахеит. Енгелови амедиеҳәшьеи Нестор иԥырҵуамызт. Иара аҳауа хьшәашәа иҿарсуа аԥенџьыр дахьадтәалаз иҳәеит: "Сишьит амаҭаԥшь Лавренти...", - иҩуеит С. Лакәаба.Ԥхынҷкәын 28 рзы Нестор Лакәба иԥсыбаҩ зҭаз аҭоубыҭ Қарҭ, Ар ҟаԥшь Рыҩнаҿы иқәыргылан, зықьҩыла қарҭаа уахь инеиуан наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц. Ԥхынҷкәын 29 рзы Лакәаба иԥсыбаҩ дәыӷбала Аҟәаҟа иаашьҭын.Нестор Лакәба ҳаҭыр дула анышә дамардеит Аботаникатә баҳчаҿы. Бериа аԥсыжра далахәымызт. Сталин иакәзар, аара акәым ателеграммаҵәҟьагьы ааимышьҭит.Нестор Лакәаба ишьра ашьҭахь иҭаацәа ықәырхит. Иԥшәмаԥҳәыс Сариа ддырбаандаҩит, ахамшҭыхә лхыргеит. 1939 шықәсазы абахҭаҿы лыԥсҭазаара далырхит. Рыҷкәын, 14 шықәса зхыҵуаз Рауф Бутыртәи абахҭаҿы дкыдҵаны дшьын.Лакәаба иԥсра аԥсуа жәлар зегьы рзы иааха духеит.Иахьа уажәраанӡагьы ареспубликаҿы есышықәса лаҵара 1 азы агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, ихьӡ рхуп амҩақәа, ашколқәа.Иосиф Сталин иԥсра ашьҭахь Лакәаба ареабилитациа изуын. 1959 шықәсазы Аҟәа ибаҟа дыргылеит.Нестор Лакәаба дыҵхны, уаҩы иахьизымдыруаз аҭыԥ аҿы анышә дамадан. Иҟоуп агәаанагара иабацәа рнышәынҭраҿы анышә дамадан ҳәагьы. Усеиԥш агәаанагара шьақәнарӷәӷәоит хәышықәса раԥхьа Лыхны Лакәаба иревольвер Smith&Wesson 44 ахьырыԥшааз. Уи уажәы Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар Гәдоуҭатәи амузеи аҟазауаа еиҭашьақәдаргылоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230329/ekaterina-bebiaa-apolitikat-repressiaa-irylayz-iryzku-lysha-yrylgeit-1044904834.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210114/Aourykh-aakhaga-Adile-Abbas-oly-lgalasharazy-1031581279.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230428/nestor-lakoba-ioury-memorialt-muzei-aremont-khyrkshoup-1045535323.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231228/1043362147.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/1c/1043364183_0:0:1024:768_1920x0_80_0_0_ca7b56890e1aeb006a685b161139ab92.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны зхы ахҭнызҵаз: Нестор Лакәаба игәалашәаразы
15:40 01.05.2024 (ирҿыцуп: 16:12 01.05.2024) Аԥсуа политикатә усзуҩ, ареволиуционер, ажәлар рхақәиҭраз ақәԥаҩ Нестор Лакәаба диит 1893 шықәса лаҵара 1 азы.
Аԥсуа нхаҩы иҭаацәара иалҵыз Нестор Лакәаба револиуционерси итәыла аинтересқәа рыхьчаҩыси дшыҟалаз, Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш азы асистема дшаҿагылози, дызҭиизи дзырҭиизи, Лакәаба иԥсҭазаара гәымбылџьбарала ишҿахҵәази атәы Sputnik аматериал аҿы.
Нестор Аполлон-иԥа Лакәаба диит 1893 шықәса лаҵара 1 азы Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Иара иира мызқәак шагыз иаб дыршьит. Ԥхьаҟа Аԥсны иахадахараны иҟаз Нестор иабԥса Гьаргь Цәеиба иҩнаҭаҿы изҳауан. Иан лганахь ала ҩыџьа аишьцәа иман.
Ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиԥҳа лышәҟәы "Харада ахара зхаратәыз" аҟны илыҩуеит аҭаацәа реиҳабы Гьаргь Цәеибеи Шьахәсна Џьергьениаԥҳаи ишырааӡаз рыҷкәынцәа аԥсуа ҟазшьақәа рыманы, аџьа абзиабара, аламыс, апату шрыларааӡаз. Аҭаацәара ибзианы еилыркаауан аҵара аҵак ду, убри азы рыхшара ари аус аҿы адгылара шрырҭоз.
"Аишьцәа аҵареи аџьауси еиларыгӡон, ишыхәыҷыз ақыҭатә ус иалааӡан. Аҭаацәара риеҳабы Гьаргь Цәеиба заа иԥсҭазаара далҵит. Уи ашьҭахь аҭаацәара рхада ҳәа иршьоз Нестор иҳәатәы иқәныҟәон. Иара дшыхәыҷыз иҟазшьақәа ируакны ахы унарбон аиҿкааратә ҟазшьа", - ҳәа азгәаҭоуп ашәҟәаҿы.
1905 шықәсазы ақыҭатә школ даналга ашьҭахь, Нестор Лакәаба анхацәа рхәыҷқәа рзы аҳәынҭқар ирежим акыр аԥынгылақәа шаԥырҵозгьы Қарҭтәи адоуҳатә ҵараиурҭагьы дҭалеит. Аҵара иҵон Кавказ ақьырсианцәа рыбжьара аҵарадырра аларҵәаразы агәыҳалалратә еиҿкаара ахарџь ала.
Нестор Лакәаба дышқәыԥшӡаз атәылаҿ имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә еиҭакрақәа дрылахәхеит: 1905-1907 шықәсқәа раантәи ахҭысқәа, февральтәи ареволиуциа, 1917 шықәсазтәи октиабртәи аҳәынҭқарреиҭакра.
Ареволиуциеи Сталин илоиалреи
Германиа адгылара знаҭоз аменшевикцәа Аԥсны ианахаԥазтәи ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаан Нестор Лакәаба аԥсуа жәлар римлаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахадараҿы дгылеит, еиҿикааит "Кьараз".
Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргылара ус мариамызт. Ари хаҳәырҵәиа иаҿагылон ақырҭуа меншевикцәа.
1920 шықәсазы Нестор Лакәаба Баҭым еиҿкааз ареволиуциатә комитет напхгаҩыс дыҟан. Араҟа ауп иахьеибадырыз иарӷьажәҩахаз, иԥшәма ԥҳәыс Сариа Џьихоӷлыи иареи.
"Усҟан Сариеи иареи (Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс – азгә.) бзиа еибабеит. Лара жәохә шықәса лхыҵуан Нестор даниццоз", - ҳәа азгәалҭоит Адиле Аббас-оӷлы лышәҟәы "Хашҭшьа сымам" аҟны.
14 Ажьырныҳәа 2021, 13:11
Аԥсны Асовет мчра аиааира анага ашьҭахь Нестор Лакәаба илшамҭақәа ахәшьара ҳарак арҭеит асовет напхгара. Ианашьан Абираҟ ҟаԥшь аорден.
Жәабран 17 1922 шықәсазы Аԥсны ареволиуциатә комитет азинмчқәа шьҭанаҵеит. Аԥсны Ахеилакқәа актәи реизараҟны иаԥҵан Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада.
Иара абри аизараҿы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс далхын Нестор Лакәаба. Иара убри аамҭаз ареспублика ириеҳаӡоу аекономикатә усбарҭа – Аекономикатә хеилак анапхгарагьы инапы ианҵан. Аҭоурыхтә ҭҵаарадырраҿы инарҭбааны иалацәажәоуп Сталин Нестор Лакәаба иахь имаз азыҟазаашьа бзиа атәы.
"Сталин Нестор Аграждантә еибашьра аахысгьы ибзианы дидыруан. Сталин ибзиан игәалашәон Ленин иԥсра ашьҭахь Троцки иҿагылараан Лакәаба изыҟаиҵаз адгылара. Иара иуадаҩыз аамҭақәа рзы ипозициақәа рырӷәӷәараан Нестор адгылара аиҭеит ҳәа ишьон", - иҩуеит аҵарауаҩ Станислав Лакәаба.
Аҵарауаҩ игәаанагарала, Сталин Лакәаба иахь иааирԥшуаз азыҟазаашьа бзиа ҵаҵӷәыс иамазгьы абри ауп. Абри ауп Нестор дизааигәатәуа зегьы ираҳартә аиԥш изиеиҳәаз "Сара - Коба, уара - Лакәаба" ҳәа.
Аҭоурыхдырыҩ иазгәеиҭоит ари алаф Лакәаба Кремльтәи ашәқәа изаанартит ҳәа.
Асовет напхгара Лакәаба иахь иаадырԥшуаз аҟәандаратә ҟазшьа атәы унарбоит Серго Орџьоникиӡе иажәақәа: "Сталини сареи Аԥсны ҳаҟазаараан аҩыза Лакәаба аӡәы диеиԥшымкәа агәахәара ду ҳазцәыригеит" ҳәа.
Асоциализм ахь амҩаҿы Асоветтә Аԥсны ақәҿиарақәа азгәарҭон урыстәылатәи аҵарауаагьы, хаҭала академик Николаи Вавилов.
"Аԥсны анапхгара, ҳаҭыр зқәу Нестор Аполлон-иԥа Лакәаба инапхгара шьахә ала аҭҵаарадырра азхьаԥшра ду арҭоит, ишалшо ала аидгылатә ҭҵаарадырратә институтқәеи аҭыԥ аҿтәи астанциақәеи ари аус иадрыԥхьалоит", - ҳәа иҩуан иара.
Убри аан Лакәабеи атәыла анапхгареи реизыҟазаашьа шәшьы ахымкәа иҟамызт. Станислав Лакәаба иҩуеит Нестор аҭыԥантәи апроблемақәа рыӡбраан атәыла аҷыдарақәа дышрызхьаԥшуаз.
"Иара иаартны иҳәон "Акалхозқәа қәыӷәӷәара рҭахӡам" ҳәа. Нестор игәаанагарала Аԥсны аколлективизациа иахыццактәӡам, избанзар "акәлак дыҟаӡам, ус анакәха класск аҳасаб ала акәлак иқәхрагьы ҵаҵӷәыдароуп" ҳәа", - иҩуеит аҭоурыхдырыҩ.
Ари аҩыза аполитика Сталин иеиҭакратә политика иаҿагылон, убри азы аҭагылазаашьа рхы иархәаны ареспубликатә партеиҿкаара Нестор иҿагыланы иқәгылеит.
Аха зегьы ргәы ишаанагоз акәымкәа Сталини Орџьоникиӡеии Нестор идгылеит. Сталин жьҭаара 19 1929 шықәсазы Аԥснытә аобком ахара адиҵеит "аԥсуа ԥсҭазаара аҷыдарақәа азгәамҭакәа асоциалисттә ргылара аус аҟны урыстәылатәи аҿырԥштәы ииажәгоит" ҳәа.
Нестор Лакәаба иаӷа хаданы дыҟан НКВД аиҳабы Лавренти Бериа, уи аԥсуа политик, Сталин ихаҭа пату зқәиҵоз, дицәымӷын.
Лавренти Бериа ихықәкын Нестор Лакәаба Москваҟа усура ииагара, Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакны аҟаҵара, ари адгьылҵакыраҿы ақырҭцәа рнырхара. Сталин иакәзаргьы изныкымкәа Лакәаба идигалахьан Асовет Еидгыла аҳҭнықалақь аҿы аусура далагарц, аха Аԥсны ахада уи мап ацәикуан.
"Иубон Нестори иҩызцәеи ыҟанаҵы ари аус ҟьашь шалыдмыршоз", - ҳәа лыҩуеит Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Харада ахара зыдҵаз" аҟны.
1936 шықәса нанҳәамза азбжараз Нестор Лакәаба аҽазныкгьы идыргалеит Москваҟа диасырц. Лакәаба аҽазныкгьы уи мап ацәикит.
Аҭоурыхдырыҩ Станислав Лакәаба истатиақәа руак аҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Сталинаи Бериеи Лакәаба иҿагыланы рықәгылара аԥхьатәи актны ишыҟалаз 1936 шықәса нанҳәа 17 азы СССР ЦИК ақәҵара "Анхамҩатә ҭыԥқәа рыхьӡқәа ииашаны ранҵаразы". Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны аҳҭнықалақь иахьыӡҵан Сухуми.
"Сталин ашьшьыҳәа Нестор еиҳа иахьихьуаз аҭыԥ ахәра аџьыкхыш аҿеиԥсон. Нестор илахьынҵагьы ӡбан. Ус шакәызгьы авожд макьана Нестор зынӡа мап ицәимкыцызт, аха иҵахәмарра далагахьан. 1936 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Кобеи Нестори аҵыхәтәантәи реиԥылараан Лавренти ицәгьақәак иҳәон, Несторгьы гәыӷрақәак дрыхьирԥшуан ", - иҩуеит аҵарауаҩ.
Москва Нестори иԥшәмаԥҳәыс Сариеи асасааирҭа "Метрополь" аҿы иаангылеит. Абҵара 25 инаркны ԥхынҷкәын 5 рҟынӡа Москва имҩаԥысуан Аидгылазегьтәи Асоветқәа VIII реизара ду. Аизара ду аҟны ирыдыркылеит СССР Аконституциа ҿыц. Аусура ашьҭахь, хәылбыҽхала Сталин Нестор амашьына ишьҭаҵаны инеишьҭуан. Аизара ду ашьҭахьгьы Нестор аамҭақәак Москва даанхеит.
Убри аан Бериа Нестор Аԥсны иҟамзаара ихы иархәаны иусқәа еиҵеиҟәаҟәон.
"Ҳаҭыр зқәу Нестор! Мызкы ирықәуп амра ҳамбеижьҭеи, ақәақәа леиуеит, аха Аԥсны шымратәылоу иаанханы иҟоуп… Ибзианы издыруеит иарбан усқәоу шәаанызкыло, урҭ ареспубликаз ирымоу аҵакы, аха араҟа зегь маншәалоуп ҳәа узҳәо иҟма", - ҳәа абри ааамҭақәа рзы Нестор Лакәаба изиҩуеит Анатоли Аҩардан.
1935-1936 шықәсқәа рзы Лакәаба Сталин иҿаԥхьа зҵаараны иқәиргылон Аԥснытәи АССР Қырҭтәылатәи ССР иалганы РСФСР иалеиҵарц. Авожд ари даарак гәаԥхара инаҭомызт.
"Адиле Шахбас-иԥҳа Аббас-оӷлы лажәақәа рыла Нестор Москваҟа ицара аламҭалазы Бериа дсасны дшиҭаз аҟәатәи инхарҭаҿы. Урҭ акраамҭа рыбжьы рдуны ак шеимаркуаз, анаҩс Лакәаба ишиҳәаз "Бериа иаҳа иаҳа ихы агәра иго далагеит" ҳәа" - иҩуеит Станислав Лакәаба.
Москвантәи Нестор иаара ашьҭахь мышқәак рыҩнуҵҟа Бериа Қарҭ имҩаԥысуаз апартактив ахь днеиԥхьеит. Ԥхынҷкәын 26 1936 шықәсазы Лакәаба Қарҭҟа амҩа дықәлеит. Уа асасааирҭа "Ориант" аҟны даангылеит.
"Ашьыжь иара Бериа иҿы дыҟан. Акыргьы еиқәырҳәацәеит, Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла араионқәа рҟынтә ақырҭцәа Аԥсны рнырхара аплан иахырҟьаны. Лакәаба уи алацәажәара зынӡаскгьы иҭахымызт. Асасааирҭаҿы, уи аҽны ахәылбыҽха Бериа иан - Марҭа Виссарион-иԥҳа аҭел дизасит. "Нестор, - лҳәеит лара, - издыруеит акалмаҳа ӡны бзиа ишубо. Суҳәоит, уааи уаххьафара", - ҳәа иҩуеит С. Лакоба истатиаҿы.
Бериа иҩны, уаххьафараан ҵәыцақәак аҩгьы ржәит Нестори иареи. Асааҭ ааба рзы Бериа аспектакль ҿыц ҳахәаԥшып иҳәеит. Ицеит, аха актәи акт ашьҭахь Нестор асасааирҭахь дцеит, игәы еилахынҳәны.
"Ориант" аҟны днаӡаанӡа Нестор диԥылеит Аԥсны ахаҭарнакс Қырҭтәыла иҟаз А. Енгелов. Асасааирҭаҿы Нестор еиҳагьы деицәахеит. Енгелови амедиеҳәшьеи Нестор иԥырҵуамызт. Иара аҳауа хьшәашәа иҿарсуа аԥенџьыр дахьадтәалаз иҳәеит: "Сишьит амаҭаԥшь Лавренти...", - иҩуеит С. Лакәаба.
Ԥхынҷкәын 28 рзы Нестор Лакәба иԥсыбаҩ зҭаз аҭоубыҭ Қарҭ, Ар ҟаԥшь Рыҩнаҿы иқәыргылан, зықьҩыла қарҭаа уахь инеиуан наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц. Ԥхынҷкәын 29 рзы Лакәаба иԥсыбаҩ дәыӷбала Аҟәаҟа иаашьҭын.
Нестор Лакәба ҳаҭыр дула анышә дамардеит Аботаникатә баҳчаҿы. Бериа аԥсыжра далахәымызт. Сталин иакәзар, аара акәым ателеграммаҵәҟьагьы ааимышьҭит.
Нестор Лакәаба ишьра ашьҭахь иҭаацәа ықәырхит. Иԥшәмаԥҳәыс Сариа ддырбаандаҩит, ахамшҭыхә лхыргеит. 1939 шықәсазы абахҭаҿы лыԥсҭазаара далырхит. Рыҷкәын, 14 шықәса зхыҵуаз Рауф Бутыртәи абахҭаҿы дкыдҵаны дшьын.
Лакәаба иԥсра аԥсуа жәлар зегьы рзы иааха духеит.
Иахьа уажәраанӡагьы ареспубликаҿы есышықәса лаҵара 1 азы агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, ихьӡ рхуп амҩақәа, ашколқәа.
Иосиф Сталин иԥсра ашьҭахь Лакәаба ареабилитациа изуын. 1959 шықәсазы Аҟәа ибаҟа дыргылеит.
Нестор Лакәаба дыҵхны, уаҩы иахьизымдыруаз аҭыԥ аҿы анышә дамадан. Иҟоуп агәаанагара иабацәа рнышәынҭраҿы анышә дамадан ҳәагьы. Усеиԥш агәаанагара шьақәнарӷәӷәоит хәышықәса раԥхьа Лыхны Лакәаба иревольвер Smith&Wesson 44 ахьырыԥшааз. Уи уажәы Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар Гәдоуҭатәи амузеи аҟазауаа еиҭашьақәдаргылоит.