Аҭоурых аӡыблара иалҵыз: Адиле Аббас-оӷлы диижьҭеи шәышықәса ҵит

© Foto / Ибрагим ЧкадуаАдиле Аббас-оглы
Адиле Аббас-оглы - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, аџьа аветеран, "Ахьӡ -Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оӷлы сталинтәи арепрессиақәа раан, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхаз аӡәзаҵәык лакәын. Иахьа лыԥсы ҭазҭгьы, илхыҵуан шәышықәса.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Адиле Аббас-оӷлы диит мшаԥымза 23 1921 шықәсазы. Лабду Иаҳиа Аббас-оӷлы милаҭла дџьамын. 20-тәи ашәышықәса аҽеиҩшымҭаз Аԥсныҟа даауеит, ибла хнакуеит ари атәыла, анаҩс иӡбоит наӡаӡа аангылара. Аҭаацәарагьы аԥиҵоит араҟа.

Адиле Аббас оглы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2021
Аҭоурых аҿахәҳәаҩы: Адиле Аббас-оӷлы лгәалашәаразы

"Саб дџьамын, сан-даԥсыуан. Саб иҳәо саҳахьан: "Аԥсны зегьы реиҳа бзиа избоит". "Избан?" - сиазҵаауан сара. "Избан акәзар аԥсуа жәлар ахьы иаҩызоуп, мыцхәы ацәажәара бзиа ирбаӡом. Бымшәан, Аԥсны есымша иҟазаауеит, сара сдунеи сыԥсахыргьы, иара шышәҭло агәра згоит", - абас лаб иҳәоны илгәалалыршәон Адиле Аббас-оӷлы.

Лан лзы акәзар, абас лҳәон:

"Сара сан д-Аҩӡԥҳан, ажәла бзиа, ажәла ӷәӷәа датәын. Хәҩык аишьцәа лыман, рызегь аибашьраҟны иҭахеит", - ҳәа лгәалашәарақәа дырзааҭгылахьан аиҿцәажәарақәа руак аҟны Адилле Аббас-оӷлы.

Иаҳиа Аббас-оӷли иԥшәмаԥҳәыс Гиульфидани рҭаацәараҟны иит ԥшьҩык ахәыҷқәа, хҩык аишьцәа: Шаҳбас (Адиле лаб), Ризу, Касима, рыԥҳазаҵә Наргиз. Адиле 15 шықәса анылхыҵуаз Сариа Лакоба лашьа Емды Џьих-оӷли лареи еибадырит, анаҩс аҭаацәара аԥырҵеит.

Эсма Джикирба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2020
Арадио
Џьыкырԥҳа Адиле Аббас-оглы лзы: лгәалашәарақәа ҭоурыхтә баҟаны иаҳзынлыжьит

Аха раԥхьаҟа ирзыԥшраны иҟаз ахлымӡаах атәы абардыруаз, агәырӷьара зцыз рҭаацәаратә ԥсҭазаара аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҿахҵәеит. Иалагеит сталинтәи арепрессиақәа. Нестор Лакоба иҭаацәа лаԥшықәҵаны ирыман, аӡәаӡәала рҭакра иалагеит. 1938 шықәсазы Адиле лыԥшәма дҭаркуеит ахара идҵаны, хара имгакәан ларгьы уи аҩыза аҭакра лԥеиԥшхоит. Уи ашықәсазы Адиле Аббас-оӷлы "ажәлар раӷа" ҳәа лыхьӡҵаны Аԥсны дахцан. 16 шықәса ахлымӡаах лхыганы Аԥсныҟа дхынҳәуеит 1953 шықәсазы. 1956 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа лхара лыхнахит. 1957 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит.

Акыр шықәса рышьҭахь илылшеит дызҭагылаз агәаҟра атәы зҳәо агәалашәарақәа рыҩра. Убас, 2005 шықәсазы иҭлыжьуеит ашәҟәы "Не могу забыть " зыхьӡу.

Нестор Лакоба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Лиудмила Малиа илҳәоит:

"Афырԥҳәыс ҳәа ззуҳәаша лакәын Адиле. Лара илылшеит дызҭагылаз агәаҟрақәа зегьы лыхганы, лҽеиқәырханы, абахҭа хьшәашәа даиааины, лыҩныҟа ахынҳәра. Илхылгаз ахлымӡаах атәы еиҭалҳәоит угәаҵантә инеиртә еиԥш лышәҟәқәа рыҟны. Дызҭагылаз аџьамыӷәа ззымдыруаз ауаа ирыцеиҩылшеит", - ҳәа лҳәоит Малиа.

Гурам Гумба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2020
Арадио
Гәымба Адиле Аббас –оглы лзы: ауаа ҷыдақәа дреиуан

Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба Адиле Абас-оӷлы длыхцәажәо дазааҭгылахьан уи илылаз адоуҳа анырра шунаҭоз.

"Лара илхылгаз аҩыза ахлымӡаах зхызгаз рацәоуп 1930-тәи ашықәсқәа рзы арепрессиақәа раан, аха урҭ рахьынтә иааԥшит ауаа ҷыдақәа, аџьамыӷәа ду зыхганы иуаҩны иаанхаз. Сара еиҳараӡак исгәалашәоит илылаз адоуҳатә мчы. Уахьлыхәаԥшуаз дхәыҷызшәа убон, аха агәамч ду лылан. Уанлацәажәоз аԥхарра ду, аенергиа уныруан. Илхылгаз зегьы дыриааины, ауаа рахь абзиабара ду аалырԥшуан... Ас еиԥш зылшо адунеи аҟны даара имаҷуп, иагьа лхылгазаргьы, дуаҩы лашан, ус лыхьӡ аанлыжьит", - ҳәа иҳәоит Гәырам Гәымба.

Адиле Аббас-оӷлы узыршанхо ԥхыӡк лбахьан, лышәҟәы "Не могу забыть" анҭыҵ ашьҭахь: Ашә аартны Нестор Лакоба иҩны дныҩналеит. Амаҵурҭаҟны итәан аҭаацәа зегьы. Сариа Адиле данылба, дыҩны дналԥылеит, дылгәыдыҳәҳәаланы ус лалҳәеит: "Анцәа иџьшьоуп! Бара ибылшеит сгәаҳәара анагӡара, ауаа иреилбыркааит аиашаҵәҟьа абахҭаҟны ибхыбгаз. Сыбзыразуп, сара агәра згон уи шынабыгӡоз, шьҭа сгәы ҭынчуп".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0