Урыстәыла

Матвиенко: Урыстәыла аԥсылман тәылақәеи иареи русеицура аизырҳара хшыҩзышьҭра анаҭоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Урыстәыла аԥсылман тәылақәеи иареи русеицура аизырҳареи арӷәӷәареи хшыҩзышьҭра анаҭоит, абри атәы лҳәеит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко афорум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" алахәылацәа рахь иҟалҵаз ааԥхьараҟны.
Матвиенко лажәақәа рыла, Урыстәылеи аԥсылман тәылақәеи реицәажәарақәа рырӷәӷәаразы афорум зхыԥша дуу ҭыԥхеит. Урыстәыла аԥсылман тәылақәа аус рыцура пату ақәуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы.
Матвиенко иазгәалҭеит Урыстәыла еиуеиԥшым адинхаҵареи, акультуреи ныҟәызго аҳәынҭқаррақәеи иареи русеицура еснагь иҿырԥшыгоуп ҳәа.
Матвиенко афорум алахәылацәа аалыԥхьеит БРИКС ахь, "уаҟа ҳусеицура еиҳагьы иҳарҭбаауеит" лҳәеит лара.
Урыстәылеи аԥсылман усеицура Аиҿкаареи жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" Казан имҩаԥысуеит лаҵара 14 - 19 рзы.
Аԥсны
Мерцхәлааԥҳа: KazanForum цхыраагӡахоит Аԥсни АУА атәылақәеи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәаразы