Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мерцхәлааԥҳа: KazanForum цхыраагӡахоит Аԥсни АУА атәылақәеи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәаразы

© Foto / ТПП АбхазииДелегация Торгово-промышленной палаты Абхазии участвует в XV Международном экономическом форуме "Россия — Исламский мир: KazanForum"
Делегация Торгово-промышленной палаты Абхазии участвует в XV Международном экономическом форуме Россия — Исламский мир: KazanForum - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Афорум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" цхыраагӡахоит Аԥсни афорум иалахәу атәылақәа Аԥсылман усеицура аиҿкаарақәеи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәаразы ҳәа лҳәеит аԥснытәи аделегациа напгара азҭо Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мерцхәлааԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсылман усеицура аиҿкаарақәеи дареи реимадара иалнаршоит еицырзеиԥшу апроектқәа, Аԥсны иамоу аинвестициатә лшарақәа уҳәа аусеицуразы азҵаарақәа рылацәажәара.

"Аԥсны азын акыр аҵанакуеит Урыстәыла арегионқәа рыҟны ахәаахәҭра-економикатә емадарақәа рырӷәӷәара. Ҳара ҳзын ихадоуп урыстәылатәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иаҳнаҭо адгылара", – ҳәа лҳәеит Мерцхәлааԥҳа ҳәа аҳәоит ааглыхратә палата апресс-маҵзура.

Урыстәылеи Аԥсылман усеицура аиҿкаареи жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" Казан имҩаԥысуеит лаҵара19-нӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0